АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рсанитартә ҳақьым хада Людмила Скорик лажәақәа рыла Асанитартә епидемиологиатә маҵзура аус аднаулараны иҟоуп 150 нызқь метр ԥшьыркца зҵазкуа аҩнқәа рподвалқәеи аӡы ахьҭатәоу аҭыԥқәа 40 гектари. Лара лажәақәа рыла мызкы ахы-аҵыхәа аусурақәа мҩаԥгахоит, нас ҭагалан аҽазныкгьы имҩаԥгахоит, аус хра аманы иҟаларц азы.
"Аибашьра ҟалаанӡагьы асеиԥш иҟаз аусурақәа мҩаԥыргон. Абар сынтәа ҩышықәсоуп уи аус еиҭахацҳаркижьҭеи. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟагьы усеиԥш акәхоит ҳәа", — лҳәеит Скорик.
Ҵыԥх ара аус руан Москватәи адизенфекциатә станциа аусзуҩцәа, сынтәа Аминистрцәа реилазаарала ахатәы мчқәа рыла аусурақәа мҩаԥгахоит.
"Сынтәа Аҳәынҭқарратә санитартә епидемиологиатә маҵзура аусурақәа мҩаԥнагоит. Аинсектицидқәа Урыстәыла иаахәоуп", — лҳәеит асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
Аӡиақәеи аӡҭачқәеи иҷыдоу ахәшәқәа рыла аус рыдырулоит, урҭ абиофлореи абиофаунеи ԥырхага рырҭом.
Ақалақьқәеи араионқәеи рыҩнытә усбарҭақәа аинформациа еизыргеит, еиҳа аусурақәа ахәҭаны иахьыҟоу аганахь ала.