Кобахьиаԥҳа: Ауадҳаратәи алагер ахәыҷқәа рыԥсҭазааратә ԥышәеи рдыррақәеи еизнарҳауеит

© Фото : Сухумский Дом ЮношестваАҟәатәи Ақәыԥшцәа Рыҩны Ауадҳара еиҿнакаараны иҟоуп ахәыҷтәы лагерқәа ҩба
Аҟәатәи Ақәыԥшцәа Рыҩны Ауадҳара еиҿнакаараны иҟоуп ахәыҷтәы лагерқәа ҩба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи Ақәыԥшцәа Рыҩны Ауадҳара еиҿнакаараны иҟоуп ахәыҷтәы лагерқәа ҩба. Актәи агәыԥ уахь ихалеит ԥхынгәы 5 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Алагер ахәыҷқәа рыԥсшьараз адагьы рыԥсҭазааратә ԥышәеи рдыррақәеи рырҿиароуп изызку. Абри атәы арадио Sputnik астудиаҟны еиҭалҳәеит Ақәыԥшцәа Рыҩны адиректор Елена Кобахьиаԥҳа.

"Алагер ахь инеиуеит еиҳа активла зхы аазырԥшуа ахәыҷқәа. Агәыԥқәа аекологиа, абызшәақәа, аграждантә ҵара уҳәа реиԥш иҟоу хырхырҭала ишоуп. Арахь иааит Аԥсны ашколқәа жәаа рҟынтәи ахәыҷқәа", — лҳәоит Кобахьиаԥҳа.

Аҩбатәи алагер аусура хацнаркуеит ԥхынгәы 23 рзы. Иара акоммуникативтә лшарақәа рырҿиара иазкхоит.

"Ахәыҷқәа ашьхаҟа аныҟәареи уа ахымҩаԥгашьеи дҳарҵоит. Ашьхақәа – ссиршәа ишоуп. Уа ауаҩы ихы аҽакала иааирԥшыр илшоит, уа ахәыҷқәеи адуцәеи реинырра акыр иҵаулахоит, иреиӷьу аҟазшьақәа рхы цәырыргоит. Ашьхақәа ауаҩы иҷыдоу амч ирҭоит", — лҳәоит лара.

Кобахьиаԥҳа лажәақәа рыла ахәыҷқәа ашьхаҟа рцараан ирыцуп аԥышәа змоу арҵаҩцәа.

"Алагер анапхгаҩы Таисиа Аланиаԥҳа Аҳәынҭқарратә музеи аҟны аус луеит. Аԥсны аҭоурыхи аҭыԥқәеи бзиаӡаны илдыруеит. Сынтәа, иаалырҟьаны даҳцәыӡит ашьхатә туризм аинструктор Валери Агрба. Ацхыраара ҳарҭоит уаанӡатәи ҳҵаҩцәа, иахьа ҳашкол аҟны аус зуа. Викториа Цулаиа, Инна Журавлева ахәыҷқәа аус бзианы ирыдырулоит", — лҳәоит адиректор.

18 шықәса ҵуеит Аҟәатәи Ақәыԥшцәа Рыҩны ахәыҷқәа рлагер Ауадҳара иаадыртуеижьҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0