Захарова: Ҟарабах ашьакаҭәара аанкылатәуп

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМариа Захарова
Мариа Захарова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҟарабахтәи аимак азонаҟны ашьакаҭәара аанкылара хымԥадатәиуп ҳәа иаԥхьаӡоит ҳәа азгәалҭеит аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҟарабахтәи аимак азонаҟны ашьакаҭәара аанкылара хымԥадатәиуп ҳәа иаԥхьаӡоит, ҳәа азгәалҭеит аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Абџьар ахархәара аҽазныкгьы иахьеилагоу ахҭыс инадҳәаланы Урыстәыла аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аҽазышәарақәа мҩаԥыргарц ҳәа азгәалҭоит Захарова.

"Иҭахаз рыуацәа рҭынхацәа ҳрыдашшылоит. Аганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭынчра ашьақәыргыларазы иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргарц азы", — лҳәеит Захарова абрифинг аҟны.

Урыстәыла адгылара анаҭоит ашьакаҭәара аанкыланы аиҿцәажәарахь ииастәуп ҳәа ОБСЕ минсктәи агәыԥ ацхантәаҩ иҳәамҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0