Бибилов Владислав Арӡынба имемориал даҭааит

© Sputnik Роберт ДжопуаБибилов Владислав Арӡынба имемориал даҭааит
Бибилов Владислав Арӡынба имемориал даҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов усутә визитла Аԥсны дыҟоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов усутә визитла Аԥсны дыҟоуп. Анатоли Бибилов Ешыра ақыҭан иҟоу Владислав Арӡынба имемориал даҭааит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Витали Габниа Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа аҳәааҟны дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Витали Габниа Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа аҳәааҟны дырԥылеит

Бибилов зхадараҟны дыҟоу аделегациа иалахәуп: Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, Акультура аминистр Жанна Зассеева, Апрокурор хада Урузмаг Джагаев, КГБ ахантәаҩы Виктор Шаргаев, Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Анатоли Джиджоев, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа алахәылацәа мҩаԥыргоит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев.

Амш аҩбатәи ахәҭаан иазыԥхьагәаҭоуп Анатоли Бибилови Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара. Дара алацәажәараны иҟоуп ҩ-ганктәи аусеицура аҭагылазаашьеи аԥеиԥшқәеи.

Анатоли Бибилов усутә визитла Аԥсны дыҟазаауеит ԥхынгәы 7 — 8 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0