Милена Барцыцԥҳа апроект "Битва талантов" аҩбатәи атур далахәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа
Аԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МУЗ-ТВ-и Игорь Крутои и-Академиеи ирыларҳәеит амузыкатә проект "Битва талантов" шхацыркхо атәы. Апроект далахәхоит Аԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Милена Барцыцԥҳа апроект "Битва талантов" аҩбатәи атур ахь днеиит. Актәи атур аан лара иналыгӡеит Адель лашәа Set Fire to the Rain. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзаалыцҳаит ашәаҳәаҩ лан Илона Ақаҩԥҳа.

Ажиури алахәылацәа хҩык рҟынтәи Милена лзы рыбжьы рҭиит ҩыџьа. Илона Ақаҩԥҳа ишылҳәо ала, ажиури ахԥатәи алахәыла иҳәеит ихаҭа оумашәа ишибо ибжьы ахьимҭииз.

80-ҩык ахәыҷқәа рҟынтәи аҩбатәи атур ахь инеиит 36-ҩык. Апроект актәи амш ателехәаԥшрала идырбахоит иааиуа асабшазы, аканал Муз-ТВ аҟны.

"Аҩбатәи атур ҭырхуеит Главкино аҟны ԥхынгәы 12-13 рзы. Милена ашәа ҿыц налыгӡараны дыҟоуп. Лара уажәы уи лҽазыҟалҵоит", — лҳәеит Милена лан.

Милена Барцыцԥҳа илҳәоит, "Битва талантов" лара лзы ахԥатәи аконкурс шакәугьы асценахь данцәырҵуа лгәы хыҭхыҭуа дшыҟоу.

"Сгәы аҭра иҭагылом. Зегь бзиаӡаны иҟасҵар сҭахуп. Апроект аҟны исыцықәгыло акыр иӷәӷәоуп", — лҳәоит лара.

Иара убри аан иазгәалҭоит апроект аҟны аиҩызаратә ҭагылазаашьа бзиа аԥҵаны ишыҟоу. Милена Барцыцԥҳа дрылахәын иара убасгьы апроектқәа "Голос. Дети", "Детская Новая волна".

Ажәабжьқәа зегьы
0