Владимир Маршьан ихьӡ зху зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир Аҟәа ихдыртит

© Sputnik / Бадрак Авидзбазых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир
зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Итрадициатәу Владимир Маршьан ихьӡ зху зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир Аҟәа ихдыртит. Иара иалахәын 300-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Итрадициатәу, СССР ачемпион, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза Владимир Маршьан ихьӡ зху зых иақәиҭу ақәԥаразы атурнир Аҟәа ихдыртит асабша.

Иара иалахәхарц арахь иааиит Ҟабарда-Балкариа, Чечниа, Даӷьесҭан, Тулатәи аобласт, Шәача уҳәа рҟынтәи аспортсменцәа.

Атурнир аартуа Аԥсны абырзен-римтәи ақәԥара Афедерациа апрезидент Рашь Хәытаба зегьы ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

"Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит атурнир алахәылацәа зегьы. Владимир Маршьан заа дҳаԥхеит аха иара илиршеит имаҷҩымкәа аҟазацәа реиҵааӡара. Сара иахьа зегьы ишәзеиӷьеишьоит ақәҿиарақәа", — иҳәеит Хәытаба.

Атурнир еиҿыркааит Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны абырзен-римтәи ақәԥара Афедерациеи.

"Владимир Маршьан дыспортсмен дуун. Ареспубликаҿ аспорт арҿиаразы иҟаиҵаз даара ирацәоуп", — ҳәа еиҭалҳәоит Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт аҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа.

Атурнир иалахәын хышәҩык рҟынӡа аспортсменцәа.

Владимир Маршьан — Зых иақәиҭу ақәԥаразы СССР ачемпион, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза диит жьҭаара 5 1946 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0