Агәыҳалалратә акциа "Бежим со смыслом" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа

© Fotolia / Head78Агәыҳалалратә акциа "Бежим со смыслом" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа
Агәыҳалалратә акциа Бежим со смыслом мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә акциа "Бежим со смыслом" мҩаԥнагоит аиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа".

АҞӘА. ԥхынгәы 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынгәы 23 рзы, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш аҽны Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" имҩаԥыргараны иҟоуп акциа "Бежим со смыслом", ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аиҿкаара алахәыла Кан Ҭаниа.

"Ари акциа сынтәатәи аԥхынразы реиҳа инарҭбаау спорттә усмҩаԥгатәны иҟалоит. Уаҵәы инаркны ҳара ҳалагоит алахәра зҭаху рҭаҩра. Дасу иоуеит ихатәы номер. Убри аан дасу агәыҳалалратә ҟазшьа змоу аԥаралагала ҟаиҵоит" — иҳәеит иара.

Еизгахоу аԥара Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхахоит, иҳәеит Кан Ҭаниа.

"Иара убасгьы еиҿкаахоит алотареиа. Акциа алахәылацәа зегьы уи иалахәхоит", — иҳәеит иара.

Алотареиаҟны иазыԥхьагәаҭоу аԥхьахәқәа иреиуоуп ҳаамҭазтәи асмартфон.

"Ауснагӡатә мҩаԥгахоит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны. Иара иалахәхоит иара убасгьы Урыстәылатәи асасцәа, Италиа атәылауаҩ", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭаниа.

Акциа алахәра рылшоит изҭаху зегьы, алахәылацәа рхыԥхьаӡара ԥкым.

Раԥхьатәи алахәылацәа 50-ҩык иранашьахоит "Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" реиҿкаара алогатип зну афутболкақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0