Самвел Хзарджиан ихәышәтәразы аԥара аизгара иаҿуп

Самвел Хзарджиан
Самвел Хзарджиан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Багрыԥшь ақыҭан ихацыркуп быжь-шықәса зхыҵуа Самвел Хзарджиан ихәышәтәразы аԥареизгара. Краснодартәи ахәышәтәырҭаҟны иара изықәдыргылеит адиагноз: остеома, остеосаркома.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа.

Самвел даара бзиа ибоит ашьапылампыл асра. Самвел иҭаацәа иаразнакы изазхьамԥшит ахәыҷы сшьапы сыхьуеит ҳәа аниҳәоз.

"Ҳгәы иаанагон – дыҩуеит, дыԥоит, џьара данҟьазар акәхап ҳәа. Аԥхьа рацәакгьы ихьуамызт", — ҳәа еиҭеиҳәоит Самвел иаб Сергеи Хзарджиан. Аҵыхәтәантәи аамҭазы уахынлагьы ахьаа изцәырҵуа иалагеит. Гагратәи ахәышәтәырҭаҟны аҭаацәа ахәыҷы Шәача ма Адлер дыргарц рабжьыргеит.

"Ишьапы чуа иалагеит. Уахынла ихьаа даанарԥшуан", — иҳәоит аб.

Шәачатәи аҳақьым аамҭа мгакәа Краснодарҟа дыжәга иҳәеит.

Иалса Алхорбеи Спартак Ԥачлиеи - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа хҩык рзы аԥарақәа еизгоуп

"Аамҭа шәымган. Агәабзиарахьчара аминистрраҟынтәи ахәышәтәырҭахь шәрышьҭыртә иҟашәҵа иҳәеит. Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иҳарҳәеит мызки бжаки инаркны хымз рҟынӡа шәыԥшыроуп ҳәа", — еиҭеиҳәоит ахәыҷы иаб.

Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иҳарҳәеит адокументқәа шрыдыркылаз, Ростовтәи аклиникеи дареи аинырра шрымоу, аха иаарласны аус аӡбра шымариам.

Афонд "Ашана" аусзуҩ Саида Хәытаба еиҭалҳәеит Самвел иҭаацәа дара рахьгьы ишнеиз, аха уажәазы аҽа хәыҷык изы аԥареизгара ишаҿу.

"Ҳара ҳазҿу аԥареизгара ҳзаанкылом. Ҩыџьа рзы аамҭак ала аԥареизгара ҳаԥҟаԥҵәа азин ҳнаҭом. Санкт-Петербург иҳаԥшааит аклиника, Самвел дахьрыдыркылаша, аха аҭаацәа ирыӡбеит ахәыҷы Краснодарҟа дыргарц", — лҳәоит лара.

Уажәы ахәыҷ иаб иҽазишәоит Адлер амедицинатә полис аҟаҵара.

"Аамҭа ҳацәцоит. Сгәы иаанагоит азыҳәа аҭак азыԥшраасҭа аполис аҟаҵара ццакхап ҳәа. Аԥара заҟа ҳҭаххо ҳаздырам. Ахирург-онколог иҳәеит ишәырццак ҳәа. Урыстәыла ахәышәтәырҭа уҭаларц азы аполис умазароуп", — иҳәеит иара.

Багрыԥшьаа аҭаацәа рҭагылазаашьа атәы заҳаз зегьы аԥареизгара иалагеит, аха аиланхарҭа дуум. Еизырго ҳәарада иазхашам. Аԥарахәҭа алазгалаз ираԥхьатәиу Вера Грызина илҳәоит аҭаацәа зхатә џьабаала инхо шракәу.

"Аусурҭа аиура цәгьоуп. Уажәы ахәыҷ иаб ашәҟәқәа рырхиара даҿуп. Анду ахәыҷқәа дырхылаԥшуеит. Ан усура дныҟәоит, џьара мааҭқәак лырҳарц. Ирыцхраатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара еизааго азхом. Аԥара маҷымкәа ирҭаххоит", — лҳәоит лара.

Самвел хәыҷы уажәы аҩны дыҟоуп. Ихьаа шихьаау иаанхоит. Аҳақьымцәа ишрабжьыргаз ала ахьаахҽыга ахәшәқәа ирҭоит.

Ахәыҷы аоперациа анизырулак акәхоит ианеилкаахо ажьымдыр аҟазшьа. Ибааԥсу акакәны иҟазар, ахәышәтәра еиҳагьы иуадаҩхоит, аамҭагьы еиҳаны иагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0