АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ахҭыс иҟалаз акурорттә сезон анырра анаҭар алшоит иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгамхар, ҳәа лҳәоит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз "Атуризм азы Аԥснытәи ахеилак" апрезидент Анна Калиагина.
"Иҟан шьҭахьҟа ацара зҭахыз атуристцәагьы. Аҭыԥантәи ауааԥсыра, ауаажәларра иҟалаз ахҭыс агәыԥжәара рызнарҵысуеит. Аекскурсиақәа рахь ицо ҳаргьы ҳрыццалоит, имҩаԥаагалоит ҳәа зҳәогьы ыҟоуп. Ишьақәырӷәӷәоу амаршрутқәа рыла иныҟәо шәарҭара рымам. Иҟалаз ахҭыс акурорттә сезон анырра анаҭар алшоит иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгамхар. Аԥсны азы шәҩык атуристцәагьы атуристтә сезон анырра арҭоит", — лҳәеит лара.
Иарбанызаалак атәылаҿ иҟоуп ацәгьоуцәа, агәҽанызаара аарԥшлатәуп ҳәа азылыԥхьаӡоит Калиагина.
"Аԥсны асеиԥш ҟалеит ҳәа ахаҵара сҭахым. Ҳәарада иҟоуп аӷьычрақәа. Ҳара уи ишҳалшо ала ҳаҿагылоит, аха ауаҩшьра", лҳәоит лара.
"Атуризм азы Аԥснытәи ахеилак" апрезидент Анна Калиагина иазгәалҭеит, ԥхынгәы 11 рышьҭахь жәаҩыла атуристцәа Аԥсныҟа аара мап шацәыркыз.
"Аԥхьатәи амшқәа рзы урыстәылатәи АИХ, ателеканалқәа рҟны аинформациа рацәа ыҟан. Ҳәарада ауаа шәоит. Арахь аарагьы мап ацәыркит", — лҳәоит лара.
Анна Калиагина лгәаанагарала аамҭақәак рышьҭахь аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоит. Агәыӷра лымоуп убри аан амчратә еилазаарақәа иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа ҟарҵап ҳәа.
"Ауаа ршәарҭадаразы ауснагӡатәқәа шымҩаԥго рбар, даргьы ргәы ҭынчхоит", ҳәа азгәалҭоит Калиагина.