00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Атәыла ахада Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу: адепутат ихҳәаа
13:19
3 мин
Аиҿцәажәара
Очамчыра зҭагылазаашьа уадаҩу ашколқәа: аҵараҟәша аиҳабы ицәажәара
13:22
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аԥсны араса аарыхразы алшарақәеи иахьатәи аҭагылазаашьеи: анаплакҩы, аарыхҩы иҿцәажәара
13:45
5 мин
Аиҿцәажәара
Акультура аминистрра агастрольтә план: аспециалист ицәажәара
13:50
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Кому цветы не в радость? О сезонной аллергии и борьбе с ней в интервью с врачом
On air
14:17
3 мин
Актуальный комментарий
Цены на отдых в Абхазии 2026: интервью с экспертом
14:20
7 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Урыстәылатәи Афедерациа аусҭҵааратә Еилакы атурист ишьра аус ҭнаҵаауеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан ԥхынгәы 11 рзы урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит. Атуристцәа руаӡәк дшьуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Москва ақалақь иаҵанакуа аусҭҵааратә Еилакы анапхгаҩы Александр Дрыманов инапынҵала Урыстәылатәи Афедерациа аусҭҵааратә Еилакы урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов Аԥсны ишьра аганахь ала аусҭҵаара хацнаркуеит. Абри атәы аҳәоит аусбарҭа аофициалтә саит.

Уажәтәи аамҭазы Аилак имҩаԥнагоит аусҭҵааратә уснагӡатәқәа, ахҭыс шыҟалази уи амзызқәеи рышьақәыргыларазы. Рыԥшаара иаҿуп ахҭыс збаны иҟоу ауаа ыҟазар, еидыркылоит ацәгьоура иадҳәалоу инарҭбаау аинформациа.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥантәи ауааԥсыра рысасцәа мҩаԥырго иалагеит урыстәылатәи атурист даныршь ашьҭахь

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Гәдоуҭа араионтә прокуратура абри ахҭыс аганахь ала ашьаусҭҵаара хацнаркит.

Аԥсны ААР ацәгьоуцәа рганахьала ииашоу аинформациазы миллион мааҭ инаӡоу аԥаратә гәазыҟаҵара шшәахо азы адырра ҟанаҵеит. Адыррақәа рыдыркылоит абарҭ аҭелқәа рыла:

+7 (840) 226-41-4 и +7 (840) 245-70-02

Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц хаҭала хылаԥшра аиҭоит иҭахаз атурист иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агара. Атәыла Аиҳабыра уи азы иахәҭаны иҟоу ахарџьқәа ирыҵагылоит.

Урыстәылатәи Афедерациа аусҭҵааратә Еилакы атурист ишьра аус ҭнаҵаауеит. Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан ԥхынгәы 11 рзы урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит. Атуристцәа руаӡәк дшьуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0