Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысран иҟоуп нанҳәа 6 рзы

© Foto / из личного архива Хиблы ГерзмаваХьыбла Гьерзмааԥҳа
Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысран иҟоуп нанҳәа 6 рзы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. XVII амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысран иҟоуп нанҳәа 6 рзы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Афестиваль аартра мҩаԥысит Хьыбла аус ахьылуа Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху атеатр аҟны, афестиваль аԥсуа хәҭа мҩаԥысраны иҟоуп Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы", — ҳәа лҳәоит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Сынтәатәи афестиваль иалахәхоит Фабио Мастранджело напхгара зиҭо москватәи акамертә оркестр.

"Афестиваль мышкоуп ианымҩаԥысуа. Избарц зҭаху рацәахоит азы ҳара иҳаӡбеит атеатр аԥхьа аекран ҷыда ықәҳаргыларц, ишиашоу ицо атранслиациа абаразы", — лҳәеит аминистр.

Абилеҭқәа рыҭира иалагоит амза анҵәамҭазы атеатр акассақәа рҿы.

Ельвира Арсалиаԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтевиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Морице.

Ажәабжьқәа зегьы
0