Черқьесски Гагреи рхадацәа еиԥылеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЧерқьесски Гагреи рхадацәа аиҩызаратә еиԥылара мҩаԥыргеит.
Черқьесски Гагреи рхадацәа аиҩызаратә еиԥылара мҩаԥыргеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Черқьесски Гагреи рхадацәа аиҩызаратә еиԥылара мҩаԥыргеит ԥхынгәы 14 рзы.

ГАГРА, ԥхынгәы 14 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика, аҳҭнықалақь Черқьесск Амуниципалтә Еиҿкаара аиҳабы Евгени Беланови, ихаҭыԥуаҩ Иналь Гашокови Гагра ақалақь иаҭааит. Асасцәа рыдыркылеит араион Ахадара аиҳабы Заур Бганбеи ихаҭыԥуаа Константин Чыргбеи, Геннади Ҵәыџьбеи.

Черқьесск анапхгара Гаграҟа раара хықәкыс иамоуп, араҟа зыԥсшьарамшқәа зхызгоуи згәабзиара шьақәзыргылоуи рықалақьуаа хәыҷқәа ирҭааны, рҭагылазаашьа абара.

"Жәашықәса раахижьҭеи, Черқьесскынтәи ахәыҷқәа, гәыԥ-гәыԥла аԥхынразы, Аԥсныҟа, ҷыдала Гаграҟа ԥсшьара иааҳашьҭуеит. Сынтәа дара аԥсшьарҭа ҩны "Солнечныи" иҩноуп. Сара сыхәҭакахьала, Гагра араион анапхгареи, аԥсшьарҭа ҩны аиҳабы Оҭар Аршбеи иҭабуп ҳәа расҳәоит, аҩаӡара ҳаракыла ҳхәыҷқәа ахьрыдыркыло, хылаԥшра ахьрырҭо азы", — иҳәеит Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика, аҳҭнықалақь Черқьесск Амуниципалтә Еиҿкаара аиҳабы Евгени Беланов.

Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба иазгәеиҭеит, ҽакала ҟалашьагьы шамам.

"Ҳабдуцәеи ҳабацәеи ашәышықәсқәа иргәылганы иааргеит ҳаешьаратәи ҳаиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа. Ҳара иахьа иаҳуалуп, еиҵагыло абиԥара уи аҵакы рызнагара. Дара роуп уаҵәтәи аԥеиԥш знапы ианыло. Аҩ-ҳәынҭқаррак рхәыҷқәа шаҟа пату еиқәырҵо аҟара, еиқәырханы иааргалоит иаҳзеиԥшу ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи", — ҳәа инаҵишьит Заур Бганба.

Аиԥылара иалагӡаны, аҩ-ганк ирылацәажәеит еиуеиԥшым азҵаарақәа. Иара убас иахәҭаны ирыԥхьаӡеит акультуратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы, аҟазаратә коллективқәа лассы-лассы реиҭанаиааира алыршара.

Анаҩс Черқьесски Гагреи рхадацәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0