Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адгәыр Џьниа атеатралтә сезон иазкны: аԥсуа театр иалшаз маҷӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы Адгәыр Џьниа
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы Адгәыр Џьниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр 86-тәи атеатралтә сезон иалагӡаны инаныгӡаз аусқәа ртәы Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы Адгәыр Џьниа.
Адгәыр Џьниа адраматә театр аусура иазкны

"Сынтәатәи атеатралтә сезон азы – атеатр иалнаршаз маҷӡам ҳәа ҿыӷәӷәала иуҳәар ҟалоит. Имаҷымкәа апремиерақәа ҭҳажьит, ҳрепертуар иалаҳгалеит аспектакль ҿыцқәа. 86-тәи атеатралтә сезон аан имҩаԥган апремиерақәа ԥшьба (Валери Ақаҩба иқәыргыламҭа аспектакль "Шьапыла", Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭақәа "Бернарда Альба лыҩны" "Снежнаиа королевеи", Алхас Шамба иқәыргыламҭа "Амҳаџьырцәа"). Ахәаԥшцәа ракәзар атеатр иагӡамызт", — ҳәа иҳәеит Џьниа.  

Ажәабжьқәа зегьы
0