00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:20
6 мин
14:26
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:34
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аиҿцәажәара
Раԥхьатәи аԥсуа нбаншәҟәы еиқәыршәоижьҭеи 160 шықәса ҵит: аҵарауаҩ ицәажәара
18:17
5 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
"Аимҵакьачаразы" ачемпионат хыркәшоуп: аиааира згаз агәыԥ анапхгаҩы ицәажәара
18:22
12 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
Отношение к труду в Абхазии: итоги опроса прокомментировал эксперт
18:49
4 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Денис Царгәыш Аԥсны "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩыс" дҟалеит

© Даут ЛогуаДенис Царгуш и Кан Тания
Денис Царгуш и Кан Тания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә еиҿкаара "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" аԥҵоуп Москва, аԥсуа диаспора раԥшьгарала. Иара имҩаԥнагалоит агуманитартә проектқәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Европеи адунеии изныкымкәа иачемпионхахьоу Денис Царгәыш Аԥсны "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩс" дҟалеит. Ацҳаражәҳәаҩ идыргәлаҵа инапы иаиркит аҽа цҳаражәҳәаҩык – Кан Ҭаниа.

"3-4 мшы раԥхьа исарҳәеит абас ҳәа. Ари аиҿкаара иалоу аӡәырҩы здыруеит. Урҭ зегьы Аԥсназы абзиара зҭаху роуп. Сгәы иаанагоит саргьы сыззыхәарҭахара ҟалап ҳәа", — иҳәеит Царгәыш.

Зых иақәиҭу ақәԥараҟны адунеи хынтә ачемпион, Европа хынтә ачемпион, Лондон имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа рпризиор Денис Царгәыш дазыхиоуп аԥснытәи аспортсменцәа ҿарацәа рыцхраара.

"Ҳара даара аҟыбаҩ ссир злоу ахәыҷқәа ҳамоуп. Сара ибзианы издыруеит урҭ рымҩаҟны ирԥынгылақәоу. Аӡәык-ҩыџьак ракәзаргьы ҳрыцхраара, аус бзиа ҟаҳҵоит ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәоит иара.

Денис иара убасгьы ааԥхьара ҟаиҵеит агәыҳалалратә ҩра "Бежим со смыслом" еиҳа инарҭбааны ауаа рҽаладырхәырц.

"Абри аус аан еизгахо аԥарақәа рзынашьҭхоит уи еиҳа иаргәаҟуа — ичмазцәоу ахәыҷқәа", — иҳәоит Денис Царгәыш.

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" аԥҵоуп Москва, аԥсуа диаспора раԥшьгарала. Иара имҩаԥнагалоит агуманитартә проектқәа.

Аиҿкаара иалахәуп: адипломат Кан Ҭаниа, авокалтә проект аиааиҩы Валериа Адлеиаԥҳа, аҵарауаҩ қәыԥш Едгар Ӷәазаа, актриса Марина Александрова, адизаинер Расида Лакоба, актер Егор Бероев иара иԥшәмаԥҳәыс Ксениа Алферова.

Ажәабжьқәа зегьы
0