Вадим Ҳаразиа Ҭырқәтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВадим Ҳаразиа Ҭырқәтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵоуп
Вадим Ҳаразиа Ҭырқәтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вадим Ҳаразиа абри аҭыԥ аҟны Инар Гыцба диԥсахит.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак иаҭаразы Аусҧҟа.

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵоуп Ҳаразиа Вадим Николаи-иԥа. Уаанӡа Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дыҟан Гыцба Инар Альберт-иԥа.

Аусԥҟаҟны хаҭала иарбоуп:

"Гыцба Инар Альберт-иԥа ихы дақәиҭтәызааит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс иҟазаараҟынтә. Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵазааит Ҳаразиа Вадим Николаи-иԥа", — ҳәа.

Вадим Ҳаразиа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак аиҳабыс дҟаҵан 2015 шықәса мшаԥымза 11 рзы. Уаанӡа ари аусҳәарҭа напхгара аиҭон Џьопуа Хьрыԥс Радион-иԥа.

Ажәабжьқәа зегьы
0