ААР (МВД) ақәылара зуз рфотосахьақәа ркьыԥхьит

© flickr.com / Jordan GillespieАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи атуристцәа ԥхынгәы 11 рзы ирықәлеит рырҳәразы. Атуристцәа руаӡәк, Андреи Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Урыстәылатәи атурист дыршьит ҳәа ззы агәҩара ыҟоу аишьцәа Џьынџьалаа Адгәыри Даури ААР Facebook аҟны аофициалтә даҟьа "Аԥсны амилициаҿы" рфотосахьақәа анырҵеит. Дара уажәтәи аамҭазы рҿахәҿыхра мҩаԥысуеит. Абри атәы арбоуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҟны.

Ԥхынгәы 16 рзы даанкылан 1987 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Даур Уасил-иԥа. Уаанӡа, ԥхынгәы 15 рзы даанкылан Аџьынџьал Адгәыр Уасил-иԥа. Аишьцәа рҩыџьагьы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭа аҿы инхоит.

Дара руаӡәк, Даур Аџьынџьал, ашьаусҭҵааратә органқәа аус рыциуеит. Убри инадҳәаланы аус азы аҵакы зманы иҟоу амаҭәарқәа – ахьымаҭәа, афотоаппаратқәа ҩба, аҳәызба, абџьар ԥшаауп, Адгәыр Аџьынџьал иакәзаргьы дақәшаҳаҭхеит ацәгьоура дшалахәыз азы.

© SputnikСтраница "Милиция Абхазии" в Facebook на которой опубликованы фотографии братьев Джинджолия
Страница Милиция Абхазии в Facebook на которой опубликованы фотографии братьев Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Страница "Милиция Абхазии" в Facebook на которой опубликованы фотографии братьев Джинджолия

Даур Аџьынџьал, ашьаусҭҵааратә органқәа аус рыциура далагеит, иара иахьыдирбаз аҭыԥ аҟны аус азы аҵакы зманы иҟоу амаҭәарқәа – ахьымаҭәа, афотоаппаратқәа ҩба, аҳәызба, абџьар ԥшаан.

Апрокуратура хада адыррала Кабановааи Чижиковааи рҭаацәарақәа ирықәланы арҳәреи ауаҩшьреи ҟазҵаз ацәгьоуцәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны иахьыҟаз аҭыԥ шьақәыргыланы иааныкылан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи рмаҵзурауаа рылшарала.

© Фото : МВД АбхазииОдин из братьев Джинджолия, подозреваемый в убийстве российского туриста
Один из братьев Джинджолия, подозреваемый в убийстве российского туриста  - Sputnik Аҧсны
Один из братьев Джинджолия, подозреваемый в убийстве российского туриста

Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан. Абџьар ахархәара аҭан дшьын урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ашьаусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргон Гәдоуҭа араион апрокуратура аусзуҩцәа.

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәны имҩаԥысит Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи атурист иҭархареи раарԥшразы иаԥҵаз Аоперативтә штаб аилатәара.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз рҿахәы рҿырхуеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз рҿахәы рҿырхуеит

Аԥсны Ахада инапынҵала Аԥыза-министр Беслан Барцыц хаҭалатәи инапхгараҭарала имҩаԥган атурист иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агареи иҭаацәа уахь рцареи.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылеит урыстәылатәи атуристцәа абџьар ахархәара аҭан ирықәлаз, Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Кабанов дызшьыз ацәгьауаҩцәа, аишьцәа: 1988 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Адгәыр Уасил-иԥеи 1987 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Даур Уасил-иԥеи.

Ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба хаҭалатәи ихылаԥшрала. Ареспублика Апрокуратура хада ахантәаҩрала иаԥҵоуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи алархәны аоперативтә штаб.

Ажәабжьқәа зегьы
0