Кузнецов: Аԥсны иҟоуп аџьаз иазыӡырыҩуа

© Sputnik / Томас ТхайцукАлексей Кузнецов
Алексей Кузнецов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
II Жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи афилармониаҟны. Афестиваль далахәын еицырдыруа агитарарҳәаҩы, акомпозитор Алексеи Кузнецов.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны иҟоуп аџьаз абзиабаҩцәа, азыӡырыҩцәа иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз еицырдыруа агитарарҳәаҩы, акомпозитор Алексеи Кузнецов.

"Аконцерт ишаҳнарбаз ала азыӡырыҩ дыҟоуп. Аконцерт ахь имааиз ирарҳәон "Узымнеии аконцерт ахь? Даара ишьахәын!" Абар зегьы ирыхәшьароу", — иҳәоит Кузнецов.

Алексеи Кузнецов иажәақәа рыла иара маҷ-маҷ еизиҟәшәаз аԥышәа инаҭеит алшара аџьаз ахырхарҭаҿы аҽаарԥшра.

"Аԥышәа иснаҭеит алшара бзиа избоз аџьаз аҿы сҽаасырԥшырц, сыҽӡырызгарц. Адунеи агәыԥқәа зегьы рҿахәы сгитара иасырҳәоит. Аинструмент ишалшо ала ахархәара – абри ауп ҩаӡараны исшьо, инагӡароуп ҳәа ззысҳәо. Иҟалоит агитараҿ ухәмарыр, иҟалоит амузыка наугӡар. Урҭ еиԥшӡам", — иҳәоит амузыкант.

Алексеи Кузнецов 13 шықәса инарзынаԥшуа Иури Силантиев напхгара зиҭоз СССР Аҳәынҭтелерадио аестрада-симфониатә оркестр аҟны аус иуан, 1975 шықәса рзы диасит акинемотографиа Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр ахь.

Иусураан Алексеи Кузнецов активла иҽалаирхәуан акинофильмқәа рзы амузыка аҭаҩра. Убас, иара далахәын акинофильмқәа: "Семнадцать мгновений весны", "Мимино", "Гардемарины вперед" уҳәа ирацәаны рзы амузыка аҭаҩра.

Ажәабжьқәа зегьы
0