АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Ԥхынгәы 19 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал аҟны афотоҭыхҩы Ибрагим Чкадуа иколлекциа аҟынтәи агеографиатә, аетнографиатә, аполитикатә, атопографиатә уҳәа XVII — XX ашәышықәсақәа ирыҵаркуаз ахсаалақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит. Зынӡа 37 хсаалеи 10 гравиураки цәыргақәҵан.
Ибрагим Чкадуа иажәақәа рыла аекпозициа Аԥсны абарҭ аамҭақәа рзы изнысыз аҭоурыхтә мҩа адагьы иаадырԥшуеит атопонимика, аетнографиа, адинхаҵара, аполитика уҳәа аҭагылазаашьақәа.
"Сара иацы аҽаџьара иҟаз, иахьа Аԥсны иҟоу ахсаалақәа рыбжьара сыцҳаражәҳәаҩуп. Сынтәа иҵуеит 10 шықәса Абираҟ амш азгәаҳҭоижьҭеи. Убри иазыскуеит сцәыргақәҵагьы. Сара исҭахуп аныҳәа аполитикатә, аҭҵаарадырратә аспект амазарц. Ҳара иахьа ҳхатәы бираҟи агерби ҳамазарц акыр уадаҩра ҳархысит", — иҳәоит Чкадуа.
XIV ашәышықәса инаркны Аԥсны еиуеиԥшым ахсаалақәа ирнубаало иалагеит. Аҭоурыхтә хсаалаҟаҵара рацәак иҭҵаам. Уи адагьы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архив еимҵәан. Уа иҟан хәызмам аматериал иҳәоит иара.
Иахьатәи ацәыргақәҵа хықәкны иамоу Аԥсны аҭоурых ауаа радыԥхьалароуп ҳәа азгәеиҭоит Чкадуа.
"Зегь раасҭа ацәыргақәҵаҿ иҟоу ахсаалақәа иреиҳабуп 1656 шықәса рзтәи ахсаала. Иара аинтернет-аукцион аҟны иаахәоуп.
"Аҳәаанырцә саныҟоу еиуеиԥшым адәқьанқәа, аџьармыкьақәа рахь снеиуеит. Зны агазеҭ "Таимс" аҟны Кавказ иазкыз хсаалак асахьа сымԥыхьашәеит. Аинтерес скит уа Аԥсны шаныԥшуа. Схахьгьы иааиит ахсаалақәа Аԥсны аҽеиҭакрақәа рныԥшыр шрылшоз. Хықәкылагьы реизгара салагеит" — иҳәеит Чкадуа.
Ицәыргақәҵоу ахсаалақәа анализ азы иматериал шьахәны иҟоуп ҳәа ишьоит АБИГИ археологиа аҟәша аусзуҩы Гарик Сангәлиа.
"Аԥсны раԥхьатәи ахсаала еиқәзыршәаз иакәны дыҟоуп Михаил Чачба-Шервашиӡе, иара иматериалқәа ихы иаирхәеит Дырмит Гәлиагьы Аԥсны аҭоурых аниҩуаз. Ҳара иҳамам Аԥсны зныԥшуа XII, XIV ашәышықәсақәа рыхсаалақәа. Иҟоуп Гекатеи Милеҭтәи VI ашәышықәсазтәи ихсаала. Уа Аԥсны арбоуп Кораксы ҳәа" — иҳәоит аҵарауаҩ.
Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 19 — 21 рзы.