Фазиль Искандер ибаҟа Москва иқәдыргылоит

Анапаҵаҩра
Абаҟа аартра ацеремониа иалахәхоит Фазиль Искандер иҭахцәа, иҩызцәа, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, арҿиаратә интеллигенциа.

АҞӘА, ԥхынгәы 20— Sputnik. Роберт Џьопуа. Иналукааша ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иԥсра амш, ԥхынгәы 31 рзы аԥсыжырҭа Новодевичие аҟны ибаҟа аадыртраны иҟоуп. Абри атәы лҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Абаҟа аԥҵоуп 1966 шықәса рзы аскульптор Марина Ешԥҳа иҟалҵаз аусумҭа ашьаҭала. Ашықәс аҩныҵҟа Искандер иуацәа-иҭынхацәа, иҩызцәа абри амш иахьырыгӡар рҭахын иахәҭаны ирбоз ауснагӡатәқәа зегьы. Угәы иахәартә иҟоуп абриаҟара шықәса рышьҭахь аскульптура Фазиль Абдул-иԥа иқьашанак акәны иахьыҟалаз. Марина Ешԥҳа лхаҭа ашәҟәыҩҩы акыр дизааигәан", — ҳәа еиҭалҳәоит Арсалиаԥҳа.

Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит Абаҟа аартра ацеремониа ишалахәхо Фазиль Искандер иҭахцәа, иҩызцәа, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, арҿиаратә интеллигенциа. Уахь инаԥхьоуп Аԥсны анапхгара, Акультура аминистрра ахаҭарнакцәа.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0