Ҭаниа: хықәкы хаданы иҳамаз ауаа рацәа злахәу агәыҳалалратә акциа амҩаԥгара акәын

© Sputnik Зафас ГамгияSputnik Аԥсны паресс-центр аҿы акциа "Бежим со смыслом" аиҿкааҩцәа аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Sputnik Аԥсны паресс-центр аҿы акциа Бежим со смыслом аиҿкааҩцәа аихшьаалақәа ҟарҵеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны паресс-центр аҿы акциа "Бежим со смыслом" аиҿкааҩцәа аихшьаалақәа ҟарҵеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Sputnik Аԥсны паресс-центр аҿы акциа "Бежим со смыслом" аиҿкааҩцәа аихшьаалақәа рыҟаҵараан Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа иҳәеит иахьазы дара ишрылшаз агәыҳалалра аформа ҿыц аԥҵара.

"Ҳара хықәкы хаданы иҳамаз ауаа рацәа злахәу агәыҳалалратә акциа амҩаԥгара акәын. Сгәы ишаанаго ала уи ҳалшеит. Агәра згар сҭахуп ԥхьаҟагьы асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа шгәыгәҭамыжьхо, ауаа рацәа шаднаԥхьало", — иҳәеит Ҭаниа.

Аиԥхныҩлара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахеит Абираҟ амшныҳәа азгәаҭара.

Ҭаниа иазгәеиҭеит ҽааны ауснагӡатә еиҳа инарҭбааны, ареспублика анҭыҵтәиқәагьы алархәны, аиҿкаарагьы еиҳа еиӷьны имҩаԥгахап ҳәа.

Аҟәа ихыркәшахеит акциа Бежим со смыслом - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ихыркәшахеит акциа "Бежим со смыслом"

"Иҟалар алшоит убасгьы – еизаагаз аԥара ахархәарала афонд "Ашана" иахьа хылаԥшра знаҭо хәыҷыкгьы ҽаантәи ҳаиԥхныҩлара далахәхар", — иҳәоит Ҭаниа.

Ауснагӡатә иалахәын имаҷҩымкәа Аԥсны еицырдыруа ауаа: аиҳабыра алахәылацәа, адепутатцәа, Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа Денис Царгәыши Лера Адлеиаԥҳаи.

Аинформациаитә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны акциа информациатә партниорны иазыҟан. Иара аусзуҩцәа рҟынтәи хәҩык акциа иалахәын. Иреиӷьу алҵшәақәа аалырԥшит апресс-маӡаныҟәгаҩ Милана Возԥҳа. Лара х-километрак аҩраҿы аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит.

Sputnik акоманда далацәажәо Милана илҳәоит:

"Ҳара х-километрак иҩуаз ҳрылан. Зегьы афиниш аҟынӡа ҳнеиит. Хаҭала сара афиниш ахь актәи, аҩбатәи ма ахԥатәи ҳәа анеира сыгәҭакымызт. Сара сзы ихадаран акциа ахалархәра", ҳәа.

300-ҩык инарзынаԥшуа рхы аладырхәит агәыҳалалратә еиԥхныҩра "Бежим со смыслом". Акциа еиҿыркааит Аԥсны "Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа", урҭ партниорцәаны ироуит Аҟәа ақалақь Ахадара, аспорттә клуб "Sport Apsny", Аҟәа ақалақь Ахадара аҿар рызҵаарақәа рзы аҟәша.

Ажәабжьқәа зегьы
0