Аԥсны АҶА: ашьхарахь ицо атуристцәа ашәҟәы рыҽҭарҩыр ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото. АҶА
Архивтә фото. АҶА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц. Атурист иԥшаара иаҿуп

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьхарахь ицо атуристцәа ашәҟәы рыҽҭарҩыр ауп уахь амҩа иқәлаанӡа, иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

"Даара имаҷҩуп ишахәҭоу еиԥш ашьхаҟа амҩа иқәло атуристцәа иахьахәҭоу аҭыԥ ахь инеины ашәҟәы зҽанызҵо, адырра ҟазҵо. Ҳаар иҳаздырам ауаа рмаршрутқәа,  иандәықәло, ишдәықәло. Ҳара атуристцәа ирзеиҭаҳҳәоит ашьхаҟа рцара аӡәгьы мап шацәимкуа, аха иахьыҟоу, иахьцо-иахьаауа ҳара иаадыруазароуп ҳәа", — иҳәоит аминистр.

Акурортқәеи атуризми рзы аминистрраҿы ма Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрраҿы аинформациа ааныжьра хымԥадатәиуп.

Уи дара ршәарҭадароуп иззырхоу иҳәоит аминистр.

Аминистр иажәақәа рыла атурист Андреи Лихачиов гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит аинформациа шроузҵәҟьа аԥшаарақәа ишрылагаз, аха макьаназы лҵшәа шыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0