Аԥсны АҶА: иӡыз атурист дҟьалазар алшоит

CC0 / Hermann / Аԥсны АҶА: иӡыз атурист дҟьалазар алшоит
Аԥсны АҶА: иӡыз атурист дҟьалазар алшоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц. Атурист иԥшаара иаҿуп

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иӡыз атурист Андреи Лихачиов дызнысраны игәҭакыз амаршрут идыруан, аха иҟалоит ашьхараҿы амҩа дахҟьаны дҟьалазар, иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

"Андреи иуацәа рҟынтәи еилаҳкааит амаршрут шидыруаз, изныкымкәагьы абри амҩа дшанысхьаз аха иҟалоит ашьхараҿы амҩа дахҟьаны дҟьалазар. Ҳара уажәы ҳгәы иҭоуп аҽа гәыԥкгьы даҽа маршрутк ала идәықәаҳҵарц, избанзар ишеилаҳкааз ала Андреи амаршруттә хсаалақәа ҩба иман. Ҳәарада аԥшаарақәа ирыцаҳҵалоит" — иҳәеит аминистр.

Иахьатәи аԥшаарақәа лҵшәадахар, Адангантәи Ҵабалҟа албаара рыгәҭакуп. Уаҟа аԥшааратә гәыԥ верталиотла иртәахоит, урҭ уантәи аԥшааратә усурақәа хацдыркуеит.

"Уи аган ахь дыҟазар, ҳверталиот имбакәа, абжьы имаҳакәа ҟалом. Нас мцак еиқәиҵап, лҩак ҳирбап. Ҳаибаԥшаап ҳәа ҳгәыӷуеит" — иҳәоит аминистр.

Аминистр иажәақәа рыла атурист Андреи Лихачиов гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0