Жәларбжьаратәи апроект "Маиаки дружбы" хацыркхоит ԥхынгәымзазы

© Фото : АрхивЖәларбжьаратәи апроект "Маиаки дружбы" хацыркхоит ԥхынгәымзазы
Жәларбжьаратәи апроект Маиаки дружбы хацыркхоит ԥхынгәымзазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказ жәлар ртрадициақәеи ркультуреи дырдырра мҩаԥынагоит аволантиортә проект "Маяки дружбы. Башни Кавказа-2017" алахәылацәа

АҞӘА, ԥхынгәы 27 — Sputnik, Ҭимур Селиванов. Аволонтиортә проект "Маиаки дружбы. Башни Кавказа-2017" мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 28 инаркны нанҳәа 14 рҟынӡа. "Маяки дружбы" еиднакылоит Москвеи, Кавказтәи ареспубликақәа быжьбеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи алахәылацәа.

Апроект хықәкны иамоуп Кавказ жәлар ртрадициақәеи ркультуреи аҿар дырдырра. Иара убасгьы Кавказ архитектуратә ҭынха ахьчара аиқәырхараҿы ацхыраара ҟанаҵоит. Апроект азы ареспубликақәа рҿы иалкаауп абаҟақәеи абаашқәеи быжьба.

"Москватәи астудентцәа ргәыԥи Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи дара рҩызцәеи, зынӡа 80-ҩык алахәхараны иҟоуп ҩымчыбжьтәи "адәныҟатә субботник", Даӷьысҭан, Чечниа, Ингәышеҭиа, Аҩада Уаԥстәыла, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьеск, Адыгеиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҵакырадгьылқәа рҟны.

Аволонтиорцәа аҭоурых ҭынхақәа реиҭашьақәыргылараҟны ацхыррара ҟарҵоит. Аҭыԥантәи анапхгарақәа дара рзы еиҿыркаауеит кавказтәи ажәлашьҭрақәа рхадацәеи дареи реиԥылара, ирзеиҭарҳәоит ареспубликақәа рҭоурых, амилаҭ чыс аҟаҵашьа амаӡақәа ддырбоит.

"Ҳара ҳгәыӷуеит асеиԥш иҟоу асоциал-культуратә туризм аҿырԥшы иаҿыԥшыша акыр ирацәаҩхап ҳәа", — иҳәоит апроект анапхгаҩы Руслан Гусаров авидеоцҳа Москва — Цхинвал амҩаԥысраан, Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура"Россия сегодня" апресс-центр аҿы.

Гусаров иазгәеиҭеит апроект ахалархәра иалацәажәахьеит Азербаиџьан, Ермантәыла, Аԥсны, Китаи, ҳәа.

"Китаи апроект аҽалархәра ахьаҭаху оумашәа иубартәы иҟаӡам. Аҟазауаа ишырҳәо ала апровинциа Сычуань иҟоу китаитәи абаашқәа акырӡа Ингәыштәыла иҟоу абаашқәа иреиԥшуп ҳәа", — иҳәоит апроект анапхгаҩы.

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аиҳабы Пиотр Гассиев иазгәеиҭеит апроект ишалшо Кавказ аганахь ала ишьақәгыланы иҟоу астереотипқәа рыԥсахра, арахь атуристтә маршрутқәа рҳәаақәа рырҭбаара. Иара игәаанагарала "Маиаки дружбы" Урыстәылеи иара иагәылоу егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара амилаҭқәа реимадара арӷәӷәоит апроект.

"Маиаки дружбы" информациатә партнерны иҟоуп Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла. Амаҵзура акорреспондентцәа иазыԥхьагәарҭоит апроект алахәылацәа ааԥхьаны апресс-конференциа амҩаԥгара. Дара алахәылацәа ракәзар иргәиҭоуп "Маиаки дружбы" асаит аҟны аинтернет-мшынҵақәа рымҩаԥгара.

Ҽааны, апроект аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп Поволжиеҟа аетнографиатә експедициа мҩаԥыргарц.

2016 шықәса нанҳәамзазы қәҿиарала имҩаԥысит апилоттә проект "Башни Кавказа". Москва, Ингәыштәыла, Нхыҵ Кавказ рҟынтәи 20-ҩык астудентцәа 12 мшы Кавказ аҭоурых баҟақәа реиҭашьақәыргылара иалахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0