00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Иӡыз атурист Андреи Лихачиов иԥшаара адгьыл аҟынтә ихыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРабота МЧС Абхазии
Работа МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц. Атурист иахьа уажәраанӡагьы иԥшаара иаҿуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иӡыз атурист Андреи Лихачиов иԥшаара адгьыл аҟынтә ихыркәшоуп, иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Мизан Ломиа.

"Аҩаша, нанҳәа 1 азы ҳалагоит аҳауаҟынтәи иԥшаара. АҶА аверталиот дыҟазар ҟалоит ҳәа агәҩара ахьҳамоу аҭыԥқәа ирхаԥырлоит", — иҳәоит Ломиа.

Урыстәылатәи атурист Андреи Лихачиов гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан.

Ашьхарахь ицо атуристцәа ашәҟәы рыҽҭарҩыр ауп уахь амҩа иқәлаанӡа, иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

"Даара имаҷҩуп ишахәҭоу еиԥш ашьхаҟа амҩа иқәло атуристцәа иахьахәҭоу аҭыԥ ахь инеины ашәҟәы зҽанызҵо, адырра ҟазҵо. Ҳара иҳаздыруам ауаа рмаршрутқәа, иандәықәло, ишдәықәло. Ҳара атуристцәа ирзеиҭаҳҳәоит ашьхаҟа рцара аӡәгьы мап шацәимкуа, аха иахьыҟоу, иахьцо-иахьаауа аадыруазароуп ҳәа", — иҳәоит аминистр.

Андреи Лихачиови иани аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман ԥхынгәы 12 рзы. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан. Аԥшаарақәа ирыцҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0