Афганисҭан аԥжәара иахҟьаны аԥсыҭбарақәа ҟалеит

© Sputnik / Макс Ветров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфганистан.
Афганистан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афгантәи ақалақь Герат аџьаамаҟны иҟалаз аԥжәара иахҟьаны 20-ҩык ҭахеит, 30-ҩык ахәрақәа роуит.

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik. Афгантәи ақалақь Герат аџьамаҟны иҟалаз аԥжәара иахҟьаны 20-ҩык ҭахеит, 30-ҩык ахәрақәа роуит.

Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ателеканал Tolo News адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аԥжәара ҟалеит ашиитцәа рџьаамаҿы.

Аҭыԥантәи амчрақәа изларҳәо ала атеррорист-аҽшьҩы аџьаама аԥхьа иҽԥижәеит, аҩбатәи атеррорист аџьаама идәылҵуаз ауаа дрылахысуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0