Апроект "Ты супер!" алахәылацәа алагер "Орлионок" аҿы аконцерт мҩаԥыргоит

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАпроект "Ты супер!" алахәылацәа алагер "Орлионок" аҿы аконцерт мҩаԥыргоит
Апроект Ты супер! алахәылацәа алагер Орлионок аҿы аконцерт мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ты супер!" жәеизаҩык алахәылацәа иреиӷьу рашәақәа ахәыҷқәеи асасцәеи рзы инарыгӡоит.

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik. Авокалтә конкурс "Ты супер!" аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиаԥҳаи лҩызцәеи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Орлионок" аҟны аконцерт ду мҩаԥыргараны иҟоуп. Уажәы дара зегьы алагер аҿы иҟоуп. Аконцерт аҽазыҟаҵара адагьы рыԥсы еицыршьоит. Уи ҳамҭаны ирнаҭеит аинформациатә маҵзура Sputnik.

Валериа лыдагьы асценаҿы иқәгылоит апроект афиналистцәа Дариа Черновеи Карина Исмаиловеи. Дара "Орлионок" асасцәа рзы апрограмма ҷыда аздырхиеит.

"Ҳара арахь ҳаанӡагьы арепетициақәа рымҩаԥгара ҳалагахьан", — лҳәоит Ермантәылатәи ақалақь Гиумри аҟынтәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Ангелина Папикиан.

Апроект "Ты супер!" амаҵзура Sputnik апроект алахәылацәа ргәаҳәарақәа рынагӡара иацхрааит. Убас Ангелина амшын раԥхьаӡа акәны илбеит, аурыс бызшәагьы аҵара далагеит.

Аконцерт ахыркәшамҭаз дықәгылоит Валериа Адлеиаԥҳа. Валериа лыбжьы Уитни Хиустон лыбжьы еиԥшныршьалоит. Лера Аԥсны деицырдыруа дҟалеит лықәгыларақәа рышьҭахь. Ареспублика ауааԥсыра зегьы бзиа деицырбеит. Уажәы лара лыԥсҭазаара минуҭ-минуҭла ишахеит: ашәа ҿыцқәа рҭаҩра, агәыҳалалратә уснагӡатәқәа рылахәра, аклипқәа рҭыхра.

"Сара апроект "Ты супери!", иара убас аинформациатә амаҵзура Sputnik-и исырҭаз аԥышәазы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Уи хәы амаӡам. Алагер аҟны ақәгылара шсыдыргалазҵәҟьа сақәшаҳаҭхеит. Сҩызцәеи сареи иҿыцны ҳаиқәшәоит. Ҳагәхьааибагеит", — лҳәоит Лера.

Аконцерт иара убасгьы иалахәуп ашоу "Ты супер!" аҟны ашәа зҳәоз: Егор Новоженини Руслан Огурцови, Влад Лоскутови Владимир Сарафутдинови, Кристина Коваленкои Сабина Манвелиании.

Аконцерт ишиашоу ицо атранслиациа мҩаԥысуеит нанҳәа 4, асааҭ 20.00 рзы.

Апроект "Ты супер!" ателеканал НТВ Урыстәыла, Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларусь, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Молдова, Украина, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи ахәыҷқәа рылшарақәа аадырԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥырҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0