Очамчыратәи абысҭа шыла

© Sputnik / Илона ХварцкияОчамчыратәи акомбикормтә зауад аҟны иаадыртит ацех ҿыц – ашылалагарҭатә
Очамчыратәи акомбикормтә зауад аҟны иаадыртит ацех ҿыц – ашылалагарҭатә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи акомбикормтә зауад аҟны иаадыртит ацех ҿыц – ашылалагарҭатә. Иара аргыларазы иныхын 11 миллион мааҭ. Аҭыԥ аҟны ашыла аҭра ҷыдақәа ирҭаԥсаны аҭира иаздырхиоит. Абри атәы шәаԥхьар шәылшоит Рада Ажьиԥҳа лматериал аҿы.

Очамчыра ақалақь аҟны аусура иалагеит ашылалагарҭатә цех. Ацех адиректор Борис Кәартаа иажәақәа рыла ацех аргылара хацыркын хышықәса раԥхьа, аамҭақәак рзы аԥаразоужьра аанкылан, ҵыԥх уи еиҭахацыркхеит. Уажәы хықәкны ишрымаз еиԥш анаплакы аусура иалагеит.

"Абысҭа шыла аԥсуаа рҟны реиҳа ирҭаху аалыҵуп. Ацех аартра аидеиа жәашықәса раԥхьагьы исызцәырҵхьан. Аха усҟан сидеиа адгылара амоуит. 2013 шықәса рзоуп аԥара аназоурыжьыз, 2014 шықәсазы аԥарашәара аанкылан, 2017 шықәса рзы еиҭахацыркхеит. Ҳаргьы ҳцех аусура иалаҳаргеит", — иҳәоит Кәартаа.

Борис Кәартаа занааҭла нџьныруп, химик-технологуп. Иара ишиҳәаз ала иус аҟны имаз аԥышәа шмаҷмызгьы ауадаҩрақәа иԥылеит.

© Sputnik / Илона ХварцкияЗавод по производству кукурузной муки в Очамчыре
Завод по производству кукурузной муки в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Завод по производству кукурузной муки в Очамчыре

"Иаасхәеит аӡлагара. Иара иацыз ашәҟәы иаҳәон: ашыла еиқәаҵәарак аламкәа иалагоит, иаанхо афасовкоуп ҳәа. Аха аус ус иҟамлеит", ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Асеиԥш анихь алитература аҭҵаара далагеит. Иагьеиликааит аԥшрыц иалху ашыла ҩ-технологиак рыла ишыҟарҵо.

"Еиҭах амыругақәа аасхәеит, аха зегь дара роуп еиқәаҵәак аламшәо иауам. Аԥхьатәи ҳаалыҵ сыуа-сҭахы, ацех аусуҩцәа ирзысшеит. Зегьы ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит", — иҳәоит анаплакҩы.

Ахрыӷи ашыла гәӡеи роуп ацех аҿы ироуа.

© Sputnik / Илона ХварцкияЗавод по производству кукурузной муки в Очамчыре
Завод по производству кукурузной муки в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Завод по производству кукурузной муки в Очамчыре

"Актәи ацех аҿы аԥш ҿҳарпуеит, иаҳлагоит, аҭрақәа ирҭаҳҵоит. Иазгәаҭатәуп ашыла ахимиа шадҳамгало. Уи ҳара ҳшыла ҷыдараны иамоуп", — иҳәоит Кәартаа.

"Аԥсуа шылаҿ аԥшхәхша шамоу иҟоуп. Иара убри аан аҳәаанырцәынтә иаарго ахрыӷ 12 мзы аҵәахра алшозар, аԥсуа хрыӷ аҿҳәара еиҳа еиҵоуп – фымз роуп иачҳауа, ашыла акәзар – 3-мз. Аха ҳара ҳаалыҵ еиҳа екологиала ицқьоуп, аахәаҩ изы ихәарҭоуп", иҳәоит азауад адиректор.

Борис Кәартаа иҳәоит игәы ишҭоу аԥш ахаҭагьы аарыхра.

© Sputnik / Илона ХварцкияЗавод по производству кукурузной муки в Очамчыре
Завод по производству кукурузной муки в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Завод по производству кукурузной муки в Очамчыре

"Ҳара уажәы уахыки-ҽнаки рыла тоннаки бжаки аԥшрыц ҳлагоит. Уи аҟынтәи ахрыӷ џьаџьа – 54 % ҟалоит, ахрыӷ гәӡа – 18%, ашыла гәӡа – 22%, ацрыҵ – 8%", — иҳәоит иара.

Аалыҵ аҭыԥантәи аџьармыкьахь анагара рыгәҭакуп.

"Сара сзы акраҵанакуеит аахәаҩ иааихәо аалыҵ шыбзиоу агәра иргара, избанзар ирацәаҩуп аҭыԥантәи аалыҵ ахаҭабзиара еиҳа еиҵоушәа избо. Макьаназы ауадаҩрақәа ҳамоуп, аха сгәы иаанагоит зегьы ҳариааип ҳәа", — иҳәоит Кәартаа.

© Sputnik / Илона ХварцкияЗавод по производству кукурузной муки в Очамчыре
Завод по производству кукурузной муки в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Завод по производству кукурузной муки в Очамчыре

Анаплакы алшарақәа уахыки-ҽнаки х-тоннак аԥш алагароуп. Арыц аҭыԥантәи аграрицәа ирымрыхәҳауеит. Анаплакы аҿы ааҩык аус руеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0