Аҳақьым: сынтәа ичмазаҩу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҵоуп

© Fotolia / VILeviАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса рыҩныҵҟа Аҟәатәи ачымазараҿкытә хәышәтәырҭахь инанагеит 600-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Нанҳәамза арҭ раԥхьатәи амшқәа рзы 70-ҩык ахәыҷқәа ҳәа ҳзеиҭалҳәеит ахәышәтәырҭа ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы Мадина Быҭәԥҳа.

АҞӘА, нанҳәа 4— Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. 2017 шықәса аҩныҵҟа Аҟәатәи ачымазараҿкытә хәышәтәырҭахь инанагеит 600-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Нанҳәамза арҭ раԥхьатәи амшқәа рзы 70-ҩык ахәыҷқәа, уи аиҳарак изыхҟьаз сынтәатәи аԥхынразы аԥсшьаҩцәа еиҳа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу ауп, ҳәа ҳзеиҭалҳәеит ахәышәтәырҭа ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы Мадина Быҭәԥҳа.

"Ҵыԥх ԥхынгәымза мацаразы 1500-ҩык ахәыҷқәа ҳадаҳкылеит, нанҳәамза иалагӡаны 2500-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа ахәышәтәырҭахь иааргеит. Сынтәа аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьуп, уи зыхҟьо аԥсшьаҩцәа рмаҷроуп", — лҳәеит аҳақьым.

Аҳақьым лажәақәа рыла аԥхынразы ахәыҷқәа еиҳарак аҿкы чымазарақәа роуп ирыхьуа. Уи зыдҳәало ауҭраҭых, ашәыр мыӡәӡәакәа ианырфо, амшынӡы аҟьышьра уҳәа роуп.

"Ашоура аныҟоу амшын аԥхарра халоит, еиуеиԥшым амикроорганизмқәа ҿио иалагоит", — лҳәеит аҳақьым.

Быҭәԥҳа иазгәалҭеит ахәышәтәырҭаҿы ихымԥаданы ишыҟоу аинтенсивтә терапиа апалата. Уи ҳаамҭа иақәшәо мыругала еиқәыршәазар шакәу. Урҭқәа рыдагьы даҭахуп иҷыдоу азанааҭ змоу аҳақьым.

Иахьатәи аамҭазы ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа апедиатр, ареаниматолог, атерапевт рнапынҵақәа еидырбалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0