Амиран Адлеиба имш иира аҽны ирҿиаратә мҩа дазааҭгылеит
"65 шықәса шмаҷым еилыскаауеит, аха санышәом, сыҷкәыноушәа схы збоит зегь рыла. Ҷлоу ақыҭа ԥшӡа аԥсабара сагәылкны саман схәыҷаахыс, иара уи ауп арҿиарахь агәазыҳәарагьы сызҭаз. Исылшази исылымшази анеиҿысырԥшлак исхьаау рацәоуп, хымԥада", — иҳәеит Адлеиба.
Амиран Адлеиба асахьаҭыхҩы-аҿыханҵаҩ, аскульптор–монументалист, Аԥсныи СССРи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭа аиҳабы аҵыхәтәантәи иусумҭақәеи раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба ибаҟеи рзы ианашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.