Ҷыҭанаа: ашыц ықәӡаар алшоит

© Sputnik Томас ТхайцукАшыц
Ашыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа Ашыц иақәтәо амцаԥшьхәаҷа аанагеит 2012 шықәса рзы Шәачатәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла Италиа иаанахәеит апаркқәа рзы Китаитәи ашыц шьаҭақәа урҭ ирылан ари амаҵагьы.

АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны уаанӡа иҟаз 5000 гектар ашыцбнараҟынтәи иахьазы иаанханы иҟоу абжеиҵароуп. Иара уигьы ықәӡаар алшоит, ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Ареспубликаҿ амцаԥшьхәаҷа иаҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоижьҭеи акрааҵуеит, аха иаразы аҳауатә ҭагылазаашьа убасеиԥш иманшәалахеит, ақәӡаара акәым аҿиара акырӡа иацхраауа иҟалеит.

"Ашыц ықәызхуа амцаԥшьхәаҷа иахьафаз иахҟьаны хә-нызқь гектар ахьеизҳауа ашыц реиҳарак ԥхасҭоуп, ахыӡӡарахь ахы рхоуп. Амцаԥшьхәаҷа зынӡа иаҳзықәхӡом, избан акәзар Аԥсны аҳауа аҭагылазаашьеи, амшын аҿықәреи, ашьхақәа ахьааигәоуи ирыбзоураны ахәаҷақәа рыҿиара акырӡа иацхраауеит", — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Аеколог иажәақәа рыла 2015 шықәса раахыс ес-ԥхынра 5-6 рҟынӡа димилин захьӡу ахәшә ахархәарала ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Уи ахәшә егьырҭ аҵиаақәа, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа ирԥырхаганы иҟам.

"Сынтәазы, уажә хынтәуп Бзыԥтәи аиҩхааҟны ашыц химикатла иаҳхәышәтәуеижьҭеи. Бзыԥтәи аиҩхаа заҵәык аҟноуп ашыц абӷьы иаҵәаны иаанханы иахьыҟоу. Егьырҭ аҭыԥқәа рҟны иԥсхьеит" — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Иара ишиҳәаз ала аҳәынҭқарра иахәҭоу аԥаразоужьра мҩаԥнагоит абри аус азы.

"Уаанӡатәи ашықәсқәа рзы ҳара аверталиот ала ахәшә аҳауаҟынтә ашыц иақәаҳҭәон, аха ашьхараҟны уи лҵшәа аанамгеит. Уажәы аттрактор ала амҩаҿықәқәа рҟны ахәшә ақәаҳҭәоит. Имҩаԥааго ауснагӡатәқәа амцаԥшьхәаҷа ықәнамхыргьы мА аизҳара ааннакылап ҳәа ҳгәыӷуеит" — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Иара убри аан иазгәеиҭеит Пицунда иахьаҵанакуа ашыц шҩазгьы аҵа иаҵиаауа ишалагаз.

"Хымчыбжьа раԥхьа Пицунда агәаҭарақәа мҩаԥаагон. Анцәа иџьшьаны иҩаны игылаз ачықьқәа, аҵлақәа аҿа шрыҵиаауаз аабеит. Аҵлақәа аныбзаз ррыц каԥсеит, даргьы ааит. Аха абраҟагьы иҟоуп ауадаҩра. Ашыц ашәшьыра бзиа иабоит. Аҵла дуқәа рыбӷьы анкаԥса ҿыц ииуагьы амра иаршуа иалагеит, рыкәша-мыкәшагьы аҳаскьын бааԥс иит. Уи ашыц-ҿа иакәшоит, иахәыҽуеит. Уажәы напыла урҭ аҳаскьынқәа рыҵхра хацыркуп. Атехника уахь иҳазнагаӡом" — иҳәеит иара.

Ашыц иақәтәо амцаԥшьхәаҷа Аԥсны иаанагеит 2012 шықәса рзы Шәачатәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла Италиа иаанахәеит апаркқәа рзы Китаитәи ашыц шьаҭақәа урҭ ирылан ари амаҵагьы.

Колхидатәи мамзаргьы кавказтәи ашыц — реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Аизҳара ашьшьа-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак иазҳауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0