АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ақырҭуа ар рақәлара амш аахыс жә-шықәса аҵра иазкны ҭелла еицәажәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилови.
"Ари амш Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсныи ирықәынхо дарбанызаалак игәалашәараҿы ахааназ иаанхоит. Абри амш аҽны ақырҭуа ган иаӡбеит амч ахархәарала ҳажәларқәа рлахьынҵа аӡбара. Убасҟан Урыстәыла анапхгара иаднакылеит аӡбра иаша — Аахыҵ Уаԥстәыла адгылара аҭара, жәларык рықәӡаара алмыршара. Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы рықәызҵаз ахааназ рыхьӡ кашәара амоуааит", — иҳәеит Ҳаџьымба.
2008 шықәса нанҳәа 7- 8 руха ақырҭуа ар Аахыҵ Уаԥстәыла аҵакыра иалалеит. Рқәылара хацдыркит Цхинвал аракетақәеи артиллериеи рыла алахысрала. Ареактивтә системақәа "Град" сааҭқәак инарзынаԥшуа еиԥымҟьарыда ақалақь иалахысуан. Нанҳәа 8 ашьыжь аҳаирпланқәа аҳауаҟынтә ақалақь ауааԥсыра ирылахысуа иалагеит, адгьыл аҟны атанкқәеи аршьаҟауааи рқәылара хацдыркит. Ақалақь аҩныҵҟа аибашьра ӷәӷәа цон.
Нанҳәа 8 амш аҩбатәи азыбжазы Аахыҵ Уаԥстәыла иалалеит Урыстәылатәи 58-тәи архәҭа. Нанҳәа 12 рзы ақырҭуа ар шьаҭанкыла Аахыҵ Уаԥстәыла иалцан.