Аԥсныи Урыстәылеи амедицинатә ԥгаԥсазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсныи Урыстәылеи амедицинатә ԥгаԥсазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Аԥсныи Урыстәылеи амедицинатә ԥгаԥсазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Урыстәылеи рхадацәа аиԥылара мҩаԥыргеит Пицунда.

ПИЦУНДА, нанҳәа 9 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцовеи рнапы аҵарҩит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҟны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа амедицинатә ԥгаԥса рыҭара аусхк аҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра. 

Аиқәшаҳаҭра, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны амедицинатә цхыраара рыҭара алнаршоит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ишаанацҳауа ала, аԥгаԥса аиура иаҵанакуеит 190 нызқьҩык рҟынӡа, арахь иалам 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа.

Владимир Путин Аԥсны даҭаауеижьҭеи ԥшьынтәуп. Раԥхьаӡа акәны апрезидент иаҳасаб ала Аԥсны даҭааит 2013 шықәса рзы. 2009 2011шш. рзы Урыстәыла аԥызы-министр иаҳасаб ала даҭаахьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0