00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Николаи Ҭраԥшь: Путин Аԥсныҟа дааит иуадаҩыз аамҭазы

Аполитолог, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Николаи Ҭраԥшь
Аполитолог, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Николаи Ҭраԥшь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Николаи Ҭраԥшь ахҳәаа аиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Аԥсны иаҭаара.

АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владимир Путин Аԥсныҟа дааит иуадаҩыз аамҭазы, аурыс туристцәа ианрықәлеи, Приморск ақыҭан иҟалаз аԥжәарақәа ирыхҟьаны Урыстәыла атәылауаа анҭахеи рышьҭахь аинформациатә ҵакыраҿы Аԥсны иаҿагылоу аматериал анырацәаха ашьаҭхь. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аполитолог, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Николаи Ҭраԥшь Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Аԥсны иаҭаара ахҳәаа аҭо.

"Урыстәыла Ахада иџьынџьуаа идирбеит итәылауаа ршәарҭадара ахаҵгылара шаиуа, аҳәынҭқарратә ҩаӡарала Урыстәыла Аԥсны партниорк аҳасабала ишахәаԥшуа", — иҳәеит аполитолог.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Путин Аԥсныҟа иаара шақәшәаз Урыстәылеи Аԥсни русеицура аспектқәак рганахь ала аҩныҵҟатә еиҿагылара анымҩаԥысуа аамҭа.

Архивтә фотосахьа - Sputnik Аҧсны
Путин: 2019 шықәса рҟынӡа аинвестициатә программа 6 миллиард мааҭ артәоит

"Урыстәыла Ахада ҩбара аламкәа азхьаԥшра аиҭеит аиҿцәажәаратәи аратификациатәи процессқәа рырххара аиҳарак анырра зырҭо Аԥсны аҩныҵҟатә процессқәа, аиҳарак акриминогенттә процессқәа шракәу", ҳәа азгәеиҭоит Ҭраԥшь.

Владимир Путин аҽазныкгьы иазгәеиҭеит иахьатәи атәыла анапхгара адгылара шриҭо, ҳәа далацәажәоит аполитолог.

"Иааидкыланы Урыстәыла Ахада агәрагара ҳаиҭеит Москва макьаназы уаанӡатәи аҭагылазаашьақәа ирықәшәо аусеицура ишазыхио, аха уи азы ареспублика зымпыҵызхаларц иаҿу акриминал аанкылатәуп, ганкы мацара афеида аиура шзыҟамлогьы дыртәуп", — иҳәеит аексперт.

Владимир Путин Аԥсныҟа дааит Аахыҵ Уаԥстәыла 2008 шықәса рзы ицоз аибашьра 9-шықәса ахыҵра амшазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0