ПИЦУНДА, нанҳәа 9 — Sputnik. Аҳазалхратә еиҿкаареи афитосанитартә хылаԥшра аусуреи рыԥҟарақәа рҽеиҭаркуеит иҳәеит Владимир Путин усутә визитла Аԥсны даны даныҟаз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аԥсны Ахада уаанӡагьы ишьҭиххьан азҵаара – аҳазлхратә еиҿкаареи, ахылаԥшреи, афитосанитартә маҵзурақәа русуреи рыԥҟарақәа реиҭакразы. Уи аганахь ала идеиақәак ҳамоуп. Сгәы иаанагоит урҭ иаарласны имҩаԥаагап ҳәа", — иҳәоит Путин.
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа експорт ҳасабла иҭаргало аиҳарак ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи роуп. Тәылақәак рҟынтәи Урыстәыла аҵакырахь тауарқәак рҭагалара аԥкра Аԥсназы ахәарҭара алоуп. Аԥсны иалшоит аалыҵ урыстәылатәи аџьармыкьахь акырынтә еиҳаны анагара, ҳәа азгәеиҭеит Путин.
Иара иажәақәа рыла ажьырныҳәа-хәажәкыра амзақәа рзы атәылақәа рыҩба рыбжьара атауареикәыршара иартәеит 6,5% рыла еиҳаны.
Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит урыстәылатәи абанкқәа рыцхыраарала Аԥсны атуризм, ақыҭанхамҩа, афатәааглыхра уҳәа русхк аҟны апроектқәа миллиардк рҟынӡа аԥара рзоужьра.