ААР амилициа аусзуҩцәа рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараҟынтә рхы иақәиҭыртәит

© Sputnik / Томас ТхайцукААР
ААР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Апрокуратура Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рганахь ала аусҭҵаара изҿыз Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа анапы ианҵоуп

АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә ҭҵаара хацнаркит, фҩык Аԥсны атәылауаа зыԥҟаз амилициа аусзуҩцәа рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараҟынтә рхы иақәиҭыртәит аусеилкаара мҩаԥысуанаҵы. Абри атәы аанацҳауеит ААР асаит.

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа идҵала ихацыркуп амаҵзуратә ҭҵаара ззинмчра иахырҟьан зхы иазырхәаз амилициа аподпалковник Дмитри Ԥлиа иганахь ала.

"Дмитри Ԥлиа аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы имаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараҟынтә ихы дақәиҭтәуп", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Иара убасгьы Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа идҵала ихацыркуп амаҵзуратә ҭҵаара амилициа алеитенант Лиучано Папба, амилициа алеитенант еиҳабы Леон Уридиа, амилициа амаиор Баҭал Аџьынџьал рганахь ала.

Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рганахь ала аусҭҵаара иаҿуп

Адырраҭараҟны иарбоуп аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы дара зегьы рнапынҵақәа рынагӡараҟынтә рхы ишақәиҭтәу.

Дмитри Ԥлиа, Лиучано Папба, Леон Уридиа, Баҭал Аџьынџьал Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа рҟны усура иаанхо иаанымхо азҵаара шьақәыргылахоит аусҭҵаара анхыркәшахалак ашьҭахь иара алкаақәа инарықәыршәаны.

Аԥсны атәылауаа Алиас Сыҷынаа, Баҭали Џьансыхәи Ақаҩбақәа, Саид Кәырмазиа, Витали Чхарҭба, Адгәыр Ладариа рыпҟара инамаданы ашьаус хацыркуп.

Апрокуратура хада адыррақәа рыла ашьаусҭҵаара ҵаҵӷәны иамоуп 2017 шықәса нанҳәа 5-6 рзы Гагратәи акаҳуажәырҭа "Араукария" аҟны зхы ыҵызхыз аимак. Ашьаусҭҵаара аматериалқәа рыла гәыԥҩык аҿар рхымҩаԥгашьазы Дмитри Ԥлиа азгәаҭара риҭеит. Убри аан ара дыҟан Гәдоуҭатәи амилициа аусзуҩ Ахра Наӡаӡегьы.

Аамҭақәак рышьҭахь Дмитри Ԥлиа идҵала апост "Мысра" аҟны, асааҭ 00:00 инаркны 03.00 рҟынӡа арҭ ауаа ААР аусзуҩцәа иааныркылеит. Уа урҭ ӷәӷәала ирыпҟеит.

Иахьатәи аамҭазы рышьақәыргылара иаҿуп ацәгьоура иалахәыз амилициа аусзуҩцәа зегьы рхаҭарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0