Аԥжәарақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭауаа агәынамӡара аадырԥшуеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаПриморское ақыҭа Ахадара аҿаԥхьахь ақыҭауаа еизеит.
Приморское ақыҭа Ахадара аҿаԥхьахь ақыҭауаа еизеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приморское ақыҭа Ахадара аҿаԥхьахь ақыҭауаа еизеит.

ПРИМОРСКОЕ, нанҳәа 10 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Приморское ақыҭан аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аԥжәарақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭауаа ақыҭа Ахадарахь икылсит нанҳәа 10 рзы. Раԥхьа иргыланы дара ашәарақәа рыздырҵысуеит рышҭақәа, рымхурсҭақәа уҳәа рҟны иԥымжәакәа иаанхан иҟоу аџьаԥҳаны ахьықәгам.

"Ҳара ҳҿы иахьа аҳауа зеиԥшроу, арадиациатә фон аӡбахә зынӡагьы иаҳҳәом. Ариаҟара иԥжәаз аснариадқәа рхыԥхьаӡара аӡәгьы издыруам, аҳауа зеиԥшроу аӡәыр дазҵаахьоума?", — иҳәеит ақыҭауаҩ Леуарса Оҭырба.

Леуарса Оҭырба иажәақәа рыла ауаа руҭрақәа, рбаҳчақәа рахь ишәаны изнеиуам.

"Иааҳакәыршаны аминақәа кажьуп. Иҟоуп иԥжәам. Сара схәыҷқәа срыцәшәаны сыуацәа рахь идәықәысҵеит", — иҳәоит иара.

Иара иазгәеиҭеит ақыҭаҿ аа-ҩнык рҟынӡа акапиталтә ремонт рҭахны ишыҟоу. Урҭ рҟны иахьазы анхара залшом.

Ақыҭанхаҩ Алик Смыр иҳәоит ауаа ацхыраара ишазыԥшу.

"Аиҭашьақәыргылара зҭаху аҩнқәа уажәы аремонт рзутәуп акәымзар, знык амшқәа бааԥсхар, нас еиҳагьы ахарџь аҭаххоит", — иҳәеит иара.

Приморское Ахада Анзор Сақаниа иҳәоит ауаа агәҭынчымра ҩ-зҵаарак ирызцәырыргоит: иԥымжәаз аминақәеи аҩнқәа реиҭашьақәыргылареи ҳәа. Аусурақәа мҩаԥысуеит аха асапиорцәа маҷуп, аамҭа кьаҿк иалагӡаны аминақәа зегьы реизгара залшом ҳәа иҳәоит ақыҭа Ахада.

Анзора Сақаниа ишиҳәаз ала ақыҭауаа ацентртә трасса аанкылара рыгәҭакын, аха акыр ианеилацәажәа ашьҭахь уи аԥдырҟәҟәааит. Уажәазы ауаа Аԥыза-министр изыԥшуп.

Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҟны иҟалаз аԥжәарақәа ирыхҟьаны 60-ҩык рҟынӡа аахақәа роуит, ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа ҭахеит. Аԥхасҭа рыҭоу анхацәа рыҩнқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0