Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩ Едгар Ӷәазаа Лондонтәи аконференциа далахәхоит

© Sputnik Александр НатрускинАгәыҳалара ацҳаражәҳаҩ Едгар Ӷәазаа Лондонтәи аконференциа далахәхоит
Агәыҳалара ацҳаражәҳаҩ Едгар Ӷәазаа Лондонтәи аконференциа далахәхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Едгар Ӷәазаа 13 шықәса анихыҵуаз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет далгеит. Асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа "вундеркинд" ҳәа ззырҳәо роуп. Едгар иахьа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны еиҿкаау адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак далахәылоуп.

АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ Едгар Ӷәазаа далахәхоит нанҳәа 24-25 рзы Лондон имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи аконференциа.

Иара уа ажәахә ҟаиҵараны дыҟоуп. Ажәахә иахьӡуп "Иахьатәи аекономикатәи агеополитикатәи ҭагылазаашьаан аҳәынҭқарратә напхгараҭара амеханизмқәа".

"Сажәахә иарбанызаалак тәылак ҷыдала иадҳәаланы иҟам. Аиҳарак сажәахә аҟны сызлацәажәо аекономика аусхк ауп, иара убасгьы аџьармыкьеи абизнеси рызҵаарақәа роуп", — иҳәоит аҵарауаҩ қәыԥш.

Ӷәазаа иажәақәа рыла Лондонтәи аконференциахь инеиуеит адунеи зегь аҟынтәи апрофессорцәа, астудентцәа.

"Аконференциа иалахәхоит еиуеиԥшым ауниверситетқәа рхаҭарнакцәа. Сара сызлахәхо асекциаҿ излацәажәо аполитикеи аекономикеи роуп. Аконференциа ашьҭахь ҳажәахәқәа зегьы кьыԥхьхоит академиатә ҭҵаара апрограмма IAАRXI ахархәарала", — иҳәоит Ӷәазаа.

Иара убасгьы иҳәоит Парижтәи ауниверситет Сарбонна ашҟа анаԥхьара шизаашьҭу.

"Сара уажәы аус адулара саҿуп аусумҭа ҿыц "Аглобализациа аепохаан аҳәынҭқарра институтк аҟазшьала инанагӡо ароль" захьӡу. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа, жәларбжьаратәи аконференциақәа срылахәхартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьсырҭаз азы", — иҳәоит аҵарауаҩ.

Едгар Ӷәазаа 13 шықәса анихыҵуаз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет далгеит. Асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа "вундеркинд" ҳәа ззырҳәо роуп. Едгар иахьа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны еиҿкаау адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак далахәылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0