Аиааира хацеиҩызшаз: хатә гәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәарақәа

© Фото : группа в Facebook "Памяти павших за Родину"хатә гәаԥхарала еибашьуаз
хатә гәаԥхарала еибашьуаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаешьаратә Республикақәа рҿынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәарақәа ҳацеиҩыршеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа 

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага иҭҟьаз ҳаӷа ихысбжьы еиднакылеит Нхыҵи-Аахыҵи зегьы. Усҟан, ԥшрак ҳәа ҟамҵакәа, шьапыла, ашьха каҵәарақәа ирхысны ҳаешьаратә жәларқәа ацхыраара иаҳзааит. Еиҳа ианыцәгьаз, ҳажәлар аԥсреи абзареи ианҭагылаз аамҭазы. Ҳаидгылареи ҳакзаареи ирыбзоураны, ҳаԥсадгьыл Аиааира азыԥшхеит. Имаҷҩым ахақәиҭратә мҩа фырхаҵарыла ианысыз, зыԥсҭазаара ҳхақәиҭра иахҭнызҵаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз. Урҭ рыхьӡ аҳәара ҳара ҳзы ԥсҭазаарак иаҩсуеит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беқьыр Ашәба - Sputnik Аҧсны
Беқьыр Ашәба: ҳара ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсацәоуп, ҳаԥсадгьыл - Аԥсноуп

"Аԥсны Аибашьра иалагеит ҳәа шҳаҳаз Адыгатәылантә Аԥсныҟа ҳдәықәларц иаԥшьаҳгеит. Аԥсны ҳаннеи, абџьарқәа анҳау раԥхьатәи ҳара адҵақәа ҳауа ҳаналага, исгәалашәоит ҳавзвод еиҳабыс иамаз, анаҩс уа аибашьраҿы иҭахаз "Агәымшәаразы амедал" занашьоу Мураҭ Шовгенов дышҳабжьоз. Ацәаҳәа ҳақәиргылон, аԥҟарақәа ҳзықәныҟәашаз ҳзеиҭеиҳәон. Уи егьраԥхьатәиин, егьҵыхәтәантәиин Мураҭ изы. Сара усҟан 22 шықәса схыҵуан, сыстудентын. Ацәаҳәа аҟынтә, Казбек Ҳаҭкои сареи ҳалиган ус ҳаиҳәеит: "Шәара уажәала џьаргьы шәцаӡом, шәара макьана шәқәыԥшқәоуп, аҭаацәарагьы шәаламлац, шәхы гәашәҭар сҭахуп". Ҳара даара Мураҭ ҳицәгәааит усҟан, уимоу дышҳеиҳабыз шаҳдыруазгьы, пату шиқәаҳҵозгьы ҳагьеицәҳаит. Убри ауха дара адҵанагӡара ицеит. Казбеки сареи ҳамԥшӡакәа, иаразнак даҽа гәыԥк ҳалалеит, Гагратәи ахырхарҭаҿы иҟаз. Ажәылара ҳалахәхеит, амацәазгьы ҳҭаркит ҳаӷацәа. Ҳаԥсы ҳаманы ҳанрыцәца, ҩымш ааҵуаноуп ишеилаҳкааз, уи ауха ҳахьимгаз ажәылараҿы Мураҭ дышҭахаз… Ашықәсқәа дара ртәы ҟарҵоит, иаҳхамшҭуа ахҭысқәа рацәоуп. Аԥсуа адыга жәларқәа ҳара жәларык ҳауп, ҳаишьцәоуп. Аԥсны Аиааира, ҳара ҳзеиԥш иааироуп! Аԥсны аԥхьаҟагьы абзиарақәа рацәаны иаԥеиԥшзааит!" — аибашьра ахҭысқәа игәаларшәо дҳацәажәон аибашьра аветеран "Агәымшәараз амедал" занашьоу Заур Шаов.

Ҟарачы-Черқьесск, Аԥсуа ақыҭаҟны инхоз аишьцәа Альберти Заури Агироваа, Аԥсны аибашьра ианалага, рқәыԥшра аамҭа иҭагылан, анхара-анҵыра рнапы алакын. Аԥсны излгаз аибашьра ргәыхәтәы иахьнамыгӡеит умҳәозар… Иахьа, урҭ рышҭа алахь еиқәуп, иацәыӡит ҩыџьа аҵеицәа, аҩны лхала даххалеит 80 шықәса ирҭысхьоу ран, Нина Агирова.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Беиаԥҳа: аибашьра иаҳнаҭаз агәырҩа аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳа иҳақәыӷәӷәоит

"Сыҷкәынцәа Аԥсныҟа еибашьра ицеит. Ицаз, раџьал ахьыҟаз иагеит. Рашьцәа акала ирыхәазар, сгәы дууп. Сара сажәымҭа цәгьан, аха ус лахьынҵас исыман. Ҳазшаз ус иҭаххеит. Аԥснаа, сшәыкәырбануп. Аԥсынҵры шәымаз, уаҳа цәгьара Анцәа ишәзааимгааит. Шәгәы ишаҭаху шәҟалааит. Сара сыҷкәынцәа Аԥсныҟа ианцоз, рыҩны ашьапы ркхьан. Аха, инагӡаны, еихаҳаны аҟаҵаха рмаӡеит. Альберт уа дҭахеит, аибашьра ашьҭахь иашьа Заур, ичымазара дзазымиааит. Абас, цәгьаԥсышьала саххалеит, нан, сыҩны", — лылаӷырӡқәа лгәаҵа иҭаԥсо, лныҳәара нҵәара ақәымкәа дцәажәон абырг.

Аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсныҟа хатә гәаԥхарала иааз аибашьцәа рхыԥхьаӡара маҷмызт, иҟоуп иҭахақәазгьы, хабарда ибжьаӡыз.

Аргудан ақыҭаҟны инхоз, аибашьраҿы иҭахаз Аԥсны афырхаҵа Гена Карданов, иҩызцәа изларҳәо ала, даара агәаӷьра илан, шьҭахьҟа ахьаҵра захьӡыз издырӡомызт.

"Аԥсны аибашьра ианалага, аԥхьатәи амш азы, ҳара Гәымысҭа ацҳа аҟны ҳтәан, ҩыџьа аҷкәынцәа иманы днеит Гена Карданов. Исгәалашәоит, ишьаз аимаақәа даҷла еихаҿаҳәан иҟан. Сара исышьақәаз аасышьысхын иара исҭеит. Ҭыԥк аҿы дызгыломызт, ҟазшьала уаҩы ццакык иакәын. Нас, аҟабардақәа рҽеидыркылан дара ргәыԥ еиҿыркааит. Урҭ раанкылара акәын есымша иаҭахыз. "Шәца", уҳәар, абџьар рымамзаргьы, раҳәызбақәа ҭыхны ҳаибашьуеит ҳәа иалагон. Марттәи ажәылараан, иаҳцәыршьқәаз ҳҩызцәа уԥшыр иубаратәы иҟан иахьышьҭаз, хҩык ҳзаамгакәа убра иаанхеит. Дара анааи, "шәаала ҳцап", рҳәеит. Ҳарҭ арахь аӡы шьҭахьҟа ҳаныр, џьара узымцо ҳаӷацәа рыҽдырӷәӷәеит. Иаҳмышьҭӡеит, избанзар даргьы ҭахон, иршьызгьы рзалгомызт. Гена ихымҩаԥгарала, иҩызцәагьы ҳаргьы агәыӷәӷәара ҳаиҭон", — игәалаиршәоит Леон иорден занашьоу Закан Нанба.

Ирацәоуп ус еиԥш аибашьра иадҳәалоу афырхаҵаратә хҭысқәа. Ҭоурыхла еизааигәоу аԥсуа-адыга жәларқәа ҳаиашьареи, ҳаиҩызареи, ҳакзаареи еиҳагьы иӷәӷәахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага. Усҟан рҭаацәеи, рыхшареи, рқәыԥшреи мшаҭакәа иарӷьажәҩаны иҳавагылеит хатәгәаԥхарала иҳацеибашьуаз, иҳациҩыршеит ҳазҭагылаз аамҭа уадаҩ. Урҭ ргәалашәара лашеи, рфырхаҵареи еснагь иҳацзаауеит!

Ажәабжьқәа зегьы
0