00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
Сезон пикников
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны иӡыз атурист иԥшаара аанкылоуп

© Sputnik / Алексей Бушкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны иӡыз атурист иԥшаара аанкылоуп
Аԥсны иӡыз атурист иԥшаара аанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны хабарда ибжьаӡыз атурист игәҭакын Ԥсҳәы дахысны ашьхахыҵырҭа Кулиамба ала Ҵабалҟа албаара.

АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. Аԥсны ашьхақәа рҟны иӡыз урыстәылатәи атурист Андреи Лихачиов иԥшаара аанкылоуп. Абри атәы аанацҳаит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистра апресс-маҵзура.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла аԥшаарақәа хымчыбжьа инарзынаԥшуа имҩаԥысуан, аха алҵшәақәа рмоуит.

"20 мшы рыҩныҵҟа аминистрра аусзуҩцәа иҭырҵааит Лихачиов дыҟазар ахьалшо ҳәа агәаанагара зызрымаз аҭыԥқәа зегьы, аха иара иарбанызаалак ишьҭамҭак рымбеит. Аԥшааратә уснагӡатәқәа аамҭала иаанкылоуп", — иҳәеит аминистр.

Аминистр иажәақәа рыла атурист дыҟазар ахьалшо ҳәа ргәы иззанаго аҭыԥқәа рааигәа-сигәа инхо ауааԥсыра адырра рыҭоуп. Иарбанызаалак џьара гәҩарак зызроуша ашьҭа рбар, аминистррахь адыррақәа ҟарҵарц раҳәоуп.

"Ауааԥсыра, ашәарыцаҩцәа, аекскурсиамҩаԥгаҩцәа уҳәа зегьы адыррақәа рыҭоуп ихабарк рбозар иаразнакы адырра ҳарҭарц. Иарбанызаалак информациа ҿыцк ҳаур, аԥшаарақәа хацҳаркуеит", — иҳәеит аминистр.

Аминистр иажәақәа рыла атурист Андреи Лихачиов гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан. Андреи иҭаацәа рҟынтәи иҟаз адыррақәа рыла иара ари амаршрут уаанӡагьы дахысхьан, идыруан", — иҳәеит аминистр.

Ашьхарахь ицо атуристцәа ашәҟәы рыҽҭарҩыр ауп уахь амҩа иқәлаанӡа, аха даара имаҷҩуп ишахәҭоу еиԥш ашьхаҟа амҩа иқәло атуристцәа иахьахәҭоу аҭыԥ ахь инеины ашәҟәы зҽанызҵо, адырра ҟазҵо. Аминистрраҟны ирыздыруам ауаа рмаршрутқәа, иандәықәло, ишдәықәло. Абри иахҟьар алшоит еиуеиԥшым арыцҳаратә ҭагылазаашьақәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0