Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Ҵабалаа ирхылҵшьҭраны Аԥснынтә иааз ирҭыԥҳау, Кәаӡба Иунус иԥҳа Нурџьан Енегиоль дынхоит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҭырқәтәылантә зыԥсадгьыл ахьчара инеиз Ведаҭ Кәаӡба иаб иаҳәшьа лоуп.
"Ведаҭ, аибашьраҿы дҭахагәышьеит. Ҳгәы ҳахьуеит, аха ҳагәгьы иладууп, иара иԥсы зыҿҳәараз Аԥсны изқәаҭыԥ ҟалеит. Аԥсны инхоз аԥсуаа рылабара инасыԥ иалан, иԥсынҵры кьаҿын умҳәозар. Ведаҭ еиԥш, шаҟаҩы арԥарцәа ҭахазеи, анаџьалбеит…", — лылаӷырӡқәа лгәаҵа иҭаԥсо дҳацәажәон…
Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз лабшьҭра рҭоурых далацәажәо Нурџьан иазгәалҭеит:
"Сара саб иабду Аԥснынтә дықәҵны дааит. Кәаӡба Дадын ихьӡын, амала сара сегьихааным. Сыԥшәма д-Самаауп, Аԥсны инхоит иашьцәа, ус ауп ишыздыруа. Уи иабшьҭра иреиҳабыз, Осман Самаа Аԥснынтә дааит, Ҵабал деиуан. Ара, Ҭырқәтәыла ҳахьынхогьы Ҵабал иҭыҵқәаз рахьҽеидыркылаз аҭыԥ ауп. Сан дадыга ҭыԥҳан, Беслениаԥҳан, Мелеқь лыхьӡын. Ҳара ҳҭаацәа, аԥсуа цәа аҭаны, аԥсуа ҟазшьа аҭаны ҳааӡара рылшеит. Сара саб, иаб иирбаз ала ихы ныҟәигон. Сабду даныԥсы, иусқәа иара ирыциҵеит. Ҳара ҳани ҳаби фҩык ахшара ҳрааӡеит, ԥшьҩы аишьцәеи, ҩыџьа аиҳәшьцәеи ҳаҟоуп. Сашьеиҳаб иԥа иакәын Ведаҭ, Аԥсны аибашьраҿы иҭахаз. Ибзиахәӡа ҳамҩанигеит саб рыцҳа, ишыжәбо еиԥш ҳааиуеит", — ажәабжь есааира дагәыланахалон Нурџьан.
Аԥсуа ԥҳәыс илылшо рацәоуп. Аҭаацәара лара лоуп шьаҟас иамоу. Аҭаацәараҿы аҳәоуеиқәшәара ыҟазар, уи ԥхьагылароуп. Ирааӡо рхәыҷқәагьы ауаҩра рылҵуеит, ҳәа дазхәыцуеит Нурџьан. Ари ахшыҩҵак иацҵо иазгәалҭеит лара:
"Аԥсуа ԥҳәыс даара пату лықәуп, илызкашәо рацәоуп. Зегь раԥхьа иргыланы лхәыҷқәа ишахәҭо еиԥш илааӡароуп, лыԥшәма дыӷәӷәаӡах дивагылазароуп, дицхраароуп. Уажәы урҭқәа рацәак иҟаӡам, аԥҳәыс еиҳа драҳаҭуп, лус маҷуп, аҭаацәа реиҳабы ирҳауеит, ус еиԥш ахныҟәгара ыҟоуп ара. Аԥсуа ԥҳәыс, аԥсуа хәқәа рыҟаҵашьа лдыруазароуп, аҟәыд абысҭа, ашә лыҩнаҭа иагымзароуп, асас дылзааир дыԥхамшьароуп, лҭаҵәах ыҟазароуп. Лтәашьа, лгылашьа хазызароуп. Ара, аҭырқәа чысқәа рахь ҳагозаргьы, аԥсуа чысқәа ҳанаареилаҳалак иҟаҳамҵар ҳауӡом", — лҳәеит Нурџьан.
Аҳәаанырцә инхо аԥсуаа, аԥсуараҵәҟьа ргәы азыбылуеит, игәхьааргоит, уи ахьыдмырӡша иашьҭоуп. Уи ус шакәу шьақәлырӷәӷәоит Нурџьан Кәаӡԥҳа.
"Ара ҳахьынхо атәымџьара аҭырқәара ҳахьагақәаз ыҟоуп. Ҳҭаацәа иныҟәыргақәоз, ҳара иаҳхашҭқәаз ыҟоуп. Ҳара ус анаҳҳәа, ҳхәыҷқәа ирҳәаран иҟоузеи? Урҭқәа ҳгәы ҳдырхьуеит, аԥсыӡ аӡы анамҵәалак, аԥсы егьҭахом. Уаанӡа ҳамнеироуп, ҳабызшәала ҳаицәажәо ҳҟалароуп аԥхьаҟа, мамзар ҳхәыҷқәа рыцҳахоит, "Узеиуада?" ҳәа аӡә дразҵаар, "саԥсыуоуп" иҳәар, ихатәы бызшәа имҳәакәа дагьзаԥсыуахом. Ҳзызхәыцша, аус здаҳулаша рацәоуп. Ҳаԥсуара, ҳқьабзқәа анаҳцәыӡ, ҳабзоума? Аԥсуараҿы сара зегь реиҳа пату ақәысҵоит аҳаҭыреиқәҵара, ауаҩы дуаҩызтәуа уи ауп. Аҿар рҭыԥ анырдыр, аиҳабы пату иқәлоит, усҟан иаргьы пату иқәлоит, дарԥшӡоит", —аԥсуара лгәы азыбылуа дцәажәон Нурџьан.
Нурџьан иаҳзеиҭалҳәеит, ажәытә реиҳабацәа Апсны аӡбахә анырҳәоз, рхахьы иааганы, ирыдтәаланы ишырзымӡырҩуаз, избанзар усҟан дара егьрыздыруамызт Аԥсны, рҭоурыхтә ԥсадгьыл шакәыз.
"Ҳаиҳабацәа Аԥсны аӡбахә ианалацәажәоз, ирҳәоз ҳахшыҩ адҵаны ҳагьырзыӡырҩуамызт. Аха, иҟоуп иаҳгәалашәақәогьы. Џьара ҳцаны лассы ҳанзымаалак, ҳҭаацәа "Гагра амҩа бкырц бцазма?", рҳәалон. Усҟан Гагра захьӡыз егьҳаздыруамызт, Гагра-Аԥсны иатәызаап. Сыԥшәма шықәсқәак раԥхьа Аԥсны даннеи, Гагра дцан ибеит, деимдеит. Данааи дхынҳәны, аӡбахә ҳаиҳәеит. Уажәы цәгьа исҭахуп издырыр усҟан зыгәхьаа сымкуаз ажабжьқәа, аха издырқәозгьы ԥсит. Уи азы иаҳдыруа ахәыҷы мырӡкәа иныҟәаҳгарц ҳҭахуп", — ҳәа азгәалҭоит Нурџьан.
Лҭаацәа рышьҭа аҭоурых дазааҭгыло ҳзыҿцәажәоз аԥҳәыс лхәыцрақәа ирыцылҵон:
"Сара саб иан д-Ҟарачԥҳан, Шьефиқа лыхьӡын. Сан лан Емина лыхьӡын, дзахәуан. Аԥсуаа данрыланагала, аԥсуара ныҟәылгон, аԥсшәа цәгьа ибзианы илҳәон. Лҭаацәа аԥсуа цәа аҟәынны илааӡеит. Аԥснаа зегьы ҳашьцәа шәоуп, шәылақәа ҳрыгәӡуеит, еснагь ҳхы-ҳгәы шәҭоуп. Сара саб жәшықәса ихыҵуан иаб даныԥсы. Адәахьынтә иҳаҳауаз ала ауп ҳаԥсадгьыл аӡбахә шаҳдыруаз. Уажәы ҳаибабо ҳаналага Апснааи ҳареи, еилаҳкааз рацәоуп. Сара сышықәс егьмаҷым, Аԥсныҟа сымнеиц, сԥа днеир цәгьа иҭахуп. Аԥснааи ҳареи Анцәа ҳаигыумырхан, абзиарқәа ҳԥеиԥшзааит! Шәыгәхьаагара ҳацуп еснагь, ижәдыруаз!", — абас гәыблыла, лыԥсшәа хааӡа акыр аамҭа дҳацәажәон гәыла-ԥсыла иаԥсыуоу, аха атәымџьара анхара злахьынҵахаз Нурџьан Кәаӡԥҳа.