Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иргәаладыршәеит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАхьӡ-аԥша амузеи аҟны иргәаладыршәеит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз
Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иргәаладыршәеит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 15 рзы ареспубликаҟны имҩаԥысит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш иазкыз ауснагӡатәқәа.

АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥыргеит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызкыз ацәыргақәҵа.

"Амузеи аколлектив иазнархиеит астендқәа: Ҟарачы-Черқьесск, Ҟабарда-Балкариа, Чечниа, Адыгеиа, Аладатәии Аҩадатәии Уаԥстәыла, Алада Урыстәыла аказақцәа, Шьамтәыла, Ҭырқәтәыла, Иорданиа иара убасгьы Ҟазахсҭан, Приднестровье, Белоруссиа, Литва, Естониа, Польша рҟынтәи Аԥсны иааны еибашьуаз ирызкыз" — иҳәеит амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.

Иара иазгәеиҭеит амузеи аекспонатқәа аибашьра амца иалгоу шракәу.

"Шәҿаԥхьа иқәу аекспонатқәа баша бџьарым, баша маҭәам – дара зегьы аибашьра афҩы зху, аибашьра амца иалҵыз роуп. Аҳәа, ахылԥарч, акәымжәы, ахы икылнаҵәаз асолдаҭ каска – Тамшьтәи адесант алахәылак итәуп, авинтовка акәзар, автомат змамыз еибашьҩык раԥхьатәи иабџьар ауп", — иҳәоит амузеи ахь инеиз ирыҿцәажәоз Медвенски.

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рзал аҟны иаартуп аԥырҩы, Тҟәарчал ахҵәацәа алызгоз Сергеи Подпругин изку астенд.

Аекспозициаҿ ицәыргақәҵоуп Подпругин иҳамҭақәа, иҳаҭартә шәҟәқәа, идипломқәа, игәраргага шәҟәы, ихылԥа.

"Арҭ зегь рбара сцәыхьанҭоуп" — лҳәоит ааигәа зхаҵа дызцәыӡыз Елла Подпругина. Елла лхаҭа лакәзар аус луеит иара абра амузеи аҟны.

Амузеи азалқәа ҩба рҟны иаартуп афотоцәыргақәҵа. Афотосахьақәа Атәылахьчара аминистрра аҟынтәи иаагоуп.

"Ара еизгоу афотосахьақәа ҭыхуп 1992-1993шықәсқәа рзы. Афотосахьақәа рыда аминистрра архив аҟынтәи иаҳзаарышьҭит усҟантәи аамҭазтәи адокументқәа, агазеҭқәа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Медвенски.

Чечниантәи аибашьцәа адгылан иахәаԥшуан ротриад иалаз рфотосахьақәа.

"Сара арҭ афотосахьақәа рҟны сыҟаӡам. Шамахамзар акамерақәеи афотоҭыхгақәеи сҽырцәысыхьчон. Зны заҵәык срымпыҵашәеит. Акыршықәсқәа цахьаны уи авидео сдырбеит" — иҳәоит Леон иорден занашьоу Муса Тыртаев.

Адыгатәылатәи аибашьҩы Аидамир Берсоев ифотосахьа илырбеит Кавказ ажәларқәа Рконфедерациаҿы аус зуаз Лиалиа Чамагәуаԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка - Добровольцы в ОВНА
Выставка - Добровольцы в ОВНА - Sputnik Аҧсны
1/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка - Добровольцы в ОВНА
Выставка - Добровольцы в ОВНА - Sputnik Аҧсны
2/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка - Добровольцы в ОВНА
Выставка - Добровольцы в ОВНА - Sputnik Аҧсны
3/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка - Добровольцы в ОВНА
Выставка - Добровольцы в ОВНА - Sputnik Аҧсны
4/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка - Добровольцы в ОВНА
Выставка - Добровольцы в ОВНА - Sputnik Аҧсны
5/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка - Добровольцы в ОВНА
Выставка - Добровольцы в ОВНА - Sputnik Аҧсны
6/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка - Добровольцы в ОВНА
Выставка - Добровольцы в ОВНА - Sputnik Аҧсны
7/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка - Добровольцы в ОВНА
Выставка - Добровольцы в ОВНА - Sputnik Аҧсны
8/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
1/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
2/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
3/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
4/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
5/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
6/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
7/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА
8/8
Выставка - Добровольцы в ОВНА

"Агәымшәараз" амедал занашьоу Аидамир Берсиров 2008 шықәса рзы Аԥсныҟа иҭаацәа иманы дхынҳәит, уажәы дынхоит Гагра ақалақь аҟны.

"Хҩык агенералцәа рзал" аҟны еиҿкаан астенд ҿыц. Уаанӡа уа иҟан Гиви Агрба изкыз астенд. Иаарласны иаадыртраны иҟоуп Сергеи Дбар изку астенд. Арҭ амшқәа рзы иаартын Сулҭан Сосналиев изку астенд ҿыц.

Ажәабжьқәа зегьы
0