АҞӘА, нанҳәа 16 — Sputnik. Венесуелатәи аилибамкаарақәа, хаз-хазтәи агәаанагарақәа аҭыԥ аҟны ирҽеитәуп, атәымуаа ралагаларада, аиҳаракгьы арратә мчра ахархәарада иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара ҳгәаанагарала Венесуела аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа ишалшо ала ҭынчмҩала аҭыԥ иқәҵатәуп. Адәныҟатә қәымчра ара зынӡаск иалмыршахароуп", — иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Боливиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Фернандо Уанакуни Мамании иареи реиԥылара ашьҭахь.
Венесуелатәи акризис уадаҩхеит шықәсык аԥхьа аоппозициатә Парламент аусура ианалага ашьҭахь. Уажәтәи аамҭазы азакәанԥҵаратәии анагӡаратәии мчрақәа рыбжьара иарбанызаалак усуратә еиныррак ыҟан иҟам.
Апрезидент Мадуро уаанӡа алаҳәара ҟаиҵахьан аоппозициа "апарламент амчра анапахь аагара аҽазнашәеит" ҳәа, Апарламент акәзар — атәыла ахада атәыла Аконституциа еилеигоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан.
Венесуела Апрезидент Мадуро иқәгаразы Апарламент иҟанаҵаз аҽазышәарақәа лыҵшәадахеит, избанзар 1999 шықәсазтәи Венесуела Аконституциа инақәыршәаны атәыла ахада иганахь ала аимпичмент апроцесс амҩаԥгара азин ыҟам.
Аха иара убри аан Аконституциа ахәҭаҷқәа 222, 232 иазыԥхьагәарҭоит анагӡаратә мчра Апарламент аганахь ала иаиур зылшо ахылаԥшра аформақәа.