Дамасктәи ацәыргақәҵа аехсраан Аԥсны атәылауаа ԥырхага рмоуит

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДамасктәи ацәыргақәҵа аехсраан Аԥсны атәылауаа ԥырхага рмоуит
Дамасктәи ацәыргақәҵа аехсраан Аԥсны атәылауаа ԥырхага рмоуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа, Дамаск ақалақь аҟны имҩаԥысуаз атеррористцәа аехсит. Ԥшьҩык аҭааҩцәа ҭахеит, ԥышьҩык ахәрақәа роуит.

АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа, Дамаск ақалақь аҟны имҩаԥысуаз атеррористцәа аехсит. Ԥшьҩык аҭааҩцәа ҭахеит, ԥышьҩык ахәрақәа роуит аракетатә снариадқәа ахьрылаҳаз инамаданы. Абри аан Аԥсны атәылауаа ԥырхага рмоуит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа аҭааит 59-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа. Иара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭа-ааглыхратә палата аделегациагьы. Ацәыргақәҵа аусура иацнаҵоит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Дамасктәи Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа Шьамтәылан аибашьра ҟалаанӡа Мрагылараааигәатәи арегион аҟны иреиҳау ҳәа иԥхьаӡан. Раԥхьаӡа акәны иара мҩаԥган 1954 шықәса рзы.

Ацәыргақәҵа иалахәуп Аԥсны, Ермантәыла, Белоруссиа, Бразилиа, Венесуела, Индиа, Индонезиа, Ирак, Иран, Иемен, Китаи, КНДР, Куба, Ливан, Палестина, Урыстәыла, Судан, Чехиа, Алада-Африкатәи Ареспублика уҳәа жәпакы атәылақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0