АҞӘА, нанҳәа 22— Sputnik. Ашәахьаҽны Ростов ақалақь аҟны Театральное араион аҿы ахатәы ҩынқәа ахьгылоу аҭыԥ аҟны амцакра ҟалеит. 120 ҩны рҟынӡа аԥхасҭа рнаҭеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Атәылауаа рҟынтәи иаашьҭу арзаҳалқәа инарықәыршәаны 118 ҩны аԥхасҭа роуит. Урҭ аҩнқәа рҟны инхоит 218 ҭаацәара", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.
60-ҩык рҟынӡа амедицинатә цхыраара аиуразы ахәышәтәырҭақәа рахь инеиит. Урҭ рҟынтәи 9-ҩык рыхәышәтәра иацҵоуп, егьырҭ аԥхьатәи ацхыраарақәа рыҭоуп.
Ашәахьаҽны Ростов ақалақь аҟны Театральное араион аҿы ахатәы ҩынқәа ахьгылоу аҭыԥ аҟны амцакра ҟалеит. 120 ҩны рҟынӡа аԥхасҭа рнаҭеит.
Ашәахьа ауха амца ырцәоуп ҳәа аанацҳаит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра. Амцарцәаҩцәа макьаназгьы русурақәа ирҿуп.