Аламиа: зҵаара хадас иҟоу аԥсуа-абаза жәлар реидкылара ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукГенадий Аламия
Генадий Аламия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 22, 1997 Черқьесқ ақалақь аҟны имҩаԥысит ахԥатәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс. Аизара шымҩаԥысызи, амшхәаԥштәны зҵаарақәас иқәгылази, иалахәызи ртәы Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс амаӡаныҟәгаҩ хада Геннади Аламиа.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс ахԥатәи аизара аҟны еснагь еиԥш зҵаара хадас иқәгылаз ажәлар реидкылара ауп, иҳәеит аконгресс амаӡаныҟәгаҩ хада Геннади Аламиа.

"Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс хықәкыс иамоу ажәлар реидкылара ауп. 54 ҳәынҭқарра рҟны иқәынхо ҳауаажәлар зегь еидкыланы иҟоуп ҳәа сызҳәаӡом, ҳәынҭқаррак аҩнуҵаҟа ауаа реидкылара шаҟа иуадаҩу жәдыруеит. Аԥсуаа ахьынхо аҳәынҭқаррақәа рҿы ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ахьырацәамгьы ыҟоуп", — иҳәеит уи.

Аизара аҟны иара убас зҵаарас иқәгылан аԥсуеи абаза бызшәақәеи реиқәырхара, азгәеиҭеит Аламиа.

"Аиҳарак абаза бызшәа аҭагылазаашьа уадаҩны иҟоуп. Ижәдыруеит Абазашҭа ҳҳәоит, уи ахьӡ ҳәынҭқарратәны иҟаӡам, урҭ рбызшәа даара ашәарҭара иҭагылоуп, уи аиқәырхара аҭахуп, уи инаваргыланы аԥсуа бызшәа аиқәырхара аҭахуп", — азгәеиҭеит Аламиа.

Уи иҳәеит аԥсуааи абазааи реидкыларазы иҟаҵатәу аусқәа даараӡа ишырацәоу.

"Мышкызны иудыруеи ҳара абаза ҳәа ҳҳәо ҳалагозар, аԥсуа ажәа урӡыр ҟалаӡом, аԥсуа ыҟазар ауп, аха абазақәеи ҳареи аӡәыкны ҳшыҟоу злаудыруа ахьӡ аҟынгьы иҟазар ауп аусушьа аҟынгьы иҟазар ауп", — ҳәа игәы иаанагоит уи.

Аԥсуааи абазақәеи еидкыламзар аҳәынҭқарра аргылара даара иуадаҩхоит, азгәеиҭеит Геннади Аламиа.

Аԥсуа-абаза дахьыҟазаалакгьы итәылаҿы имҩаԥсыуа ахҭысқәа ибжьы ақәиргароуп. Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс аусушьа аамҭа иахҟьазар акәхап даара иԥсыҽхо иалагеит. Ауаажәларратә еиҿкаара аҳасабала иахьабалак аус ауеит аҟәшақәа, аха ҳаидкылараҿы ишаҭахыу еиԥш имнеиӡацт, иҳәеит Аламиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0