"Мшыбзиа Урыстәыла" аҟны Аԥснытәи ашколхәыҷқәа аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит

© SputnikАзеиԥшҵаратә форум "Мшыбзиа Урыстәыла" аихшьаалақәа ирызкны астол гьыжь
Азеиԥшҵаратә форум Мшыбзиа Урыстәыла аихшьаалақәа ирызкны астол гьыжь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афорум "Мшыбзиа Урыстәыла" аҟны Аԥснытәи ашколхәыҷқәа аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит. Азеиԥшҵаратә форум "Мшыбзиа Урыстәыла" аихшьаалақәа ирызкны астол гьыжь мҩаԥысит Аԥсны иҟоу Россотрудничество аофис аҟны нанҳәа 22 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 23– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Казань ақалақь аҟны имҩаԥысуаз Афорум "Мшыбзиа Урыстәыла" аҟны Аԥснытәи ашколхәыҷқәа аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит. Абри атәы ҳарҳәеит азеиԥшҵаратә форум "Мшыбзиа Урыстәыла" аихшьаалақәа ирызкны Аԥсны иҟоу Россотрудничество аофис аҟны нанҳәа 22 рзы имҩаԥысыз астол гьыжь аҟны афорум алахәылацәа.

"Афорум мҩаԥысуан нанҳәамза 13-19 рзы. Аԥснытәи акоманда шьақәгылан 18-ҩык аҵаҩцәеи ҩыџьа урҭ рымҩаԥгаҩцәеи рыла. Ахәыҷқәа алахәын имҩаԥысуаз аинтеллектуалтә, акультуратә, аспорттә уснагӡатәқәа зегьы рҟны. Акомандақәа жәба рҟынтәи ҳара ҳреспублика акоманда аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Аԥыжәара ҳцәыргеит аболгарцәа. Ашколхәыҷқәа зегьы аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаршьеит", — ҳәа еиҭалҳәоит Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ркуратор Светлана Гриценко.

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа зехьынџьара рхы бзианы иаадырԥшуан. Убас, аинтеллектуалтә конкурс аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит И. Воронов ихьӡ зху ахԥатәи ашкол аҵаҩы Валери Базаров.

"Саар сзы афорум иҿыцу усын. Иуадаҩын аха аинтерес аҵан. Даара исгәаԥхеит Казань ақалақь. Саԥхьаҟаз исҭахуп Казантәи ауниверситет аиурист факультет аҭалара", — иҳәеит Базаров.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Евгении Павлов иазгәеиҭеит аԥснытәи ашколхәыҷқәа Россотрудничество апрограммала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалар шрылшо. Афорум мҩаԥысуан нанҳәамза 13-19 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0