ИГИЛ Испаниа иақәмақаруеит

© AFP 2023 / AMER ALMOHIBANYархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Исламское государство" Испаниа иақәмақарит, атерракт ҿыцқәа шәзыԥшуп ҳәа. Атеррористцәа иҟарҵаз аролик аҟны "Аль-Андалус уаанӡа ахалифат иадгьылқәаны ишыҟаз еиԥш еиҭаҟаҳҵоит" ҳәа рҳәоит.

АҞӘА, нанҳәа 24— Sputnik. "Исламское государство" Испаниа иақәмақарит, атерракт ҿыцқәа шәзыԥшуп ҳәа. Атеррористцәа аинтернет аҟны испан бызшәала ирыладырҵәаз аролик аҟны "Аль-Андалус уаанӡа ахалифат иадгьылқәаны ишыҟаз еиԥш еиҭаҟаҳҵоит" ҳәа рҳәоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ "Паис" адыррақәа ҵыҵӷәыс иҟаҵаны.

Аль-Андалус — абас акәын ишеицырдыруаз аԥсылман Испаниа абжьаратәи ашәышықәсақәа раан.

Испаниа мышкы ахы-аҵыхәала атеррористтә актқәа ҩба ҟалеит. Испаниа, Барселона ақалақь аҟны ауаа ахьынеиааиуаз аҭыԥ аҿы автомашьына ауаа ахьеилагылаз ирылалеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 13-ҩык ҭахеит 100-ҩык инреиҳаны еиуеиԥшым аахақәа роуит. Ахҭыс ахахьы иагеит атеррористтә гәыԥ ИГИЛ.

Иара убри амш ахәылбыҽха атеррористтә акт ҟалеит Каталониа иахьаҵанакуа, Камбрильсе ақалақь аҟны. Ари атерракт аан ԥсыҭбара ҟамлеит, аахақәа роуит быжьҩык ауааԥсыра. Атеррористцәа ԥшьҩык ршьит, аӡәы дырхәит. Аамҭақәак рышьҭахь уигьы иԥсҭазаара далҵит.

Аполициаа иара убасгьы аҳәамҭа ҟарҵеит Камбрильс ақалақь аҟны атеракт мҩаԥызгаз, ишьу атеррористцәа аҽшьҩы имаҟақәа рымӷан ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0