Аб Никита нанҳәа аныҳәа иазкны
"Нанҳәа лылацәа еиқәыԥсара, лыдунеи аԥсахра амш аҽны ауахәамаҿы ацәа цқьа иалху ацәашьқәа рбылуеит инеиуа ауаа. Ҳара ҳамацара ҳәа адәы ҳақәзар ҟалаӡом, ҳабзиабарала, ҳацхыраарыла ҳаҟазар ауп, убас ҳаԥсуазар ауп. Нанҳәа аныҳәа аҵак ду ҳзаҵоуп, ари аҽны ауахәамаҿы инеироуп ақьырсианцәа", — иҳәеит Аб Никита.