00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
14:44
18 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥснытәи астраикболистцәа жәларбжьаратәи ачемпионат иалахәхоит

© Фото : Денис ШашураАԥснытәи астраикболистцәа
Аԥснытәи астраикболистцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи астраикболистцәа Асовет еидгыла иаҵанакуаз уаанӡатәи атәылақәа рыбжьара актәи жәларбжьаратәи ачемпионат рҽаладырхәит. Ачемпионат мҩаԥысуан нанҳәа 12-13 рзы Москва амҵатәи апарк "Патриот" аҟны.

АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥснытәи астраикболистцәа Асовет еидгыла иаҵанакуаз уаанӡатәи атәылақәа рыбжьара актәи жәларбжьаратәи ачемпионат рҽаладырхәит. Ачемпионат мҩаԥысуан нанҳәа 12-13 рзы Москва амҵатәи апарк "Патриот" аҟны. Уаанӡа аԥснытәи астраикболистцәа наԥхьан Краснодар, Ростова-на Дону, Москва рышколқәа рҟны НВП амҩаԥгаразы. Абри атәы ҳзааицҳаит Аԥснытәи арра-тактикатә ҟәша "Нэрс" аиҳабы Денис Шашура.

"Ачемпионат аҟны ҳара ҳкоманда 1/8 рҟынӡа ҳнаӡеит. Еиҳа аԥышәа змаз акомандақәа иҳаԥыргеит. Ачемпионат аҿы зегьы еицгәарҭеит ҳкоманда иамаз азыҟаҵара бзиа, аиҿкаара. Уи атәы рҳәеит Афганисҭантәи аибашьра аветеранцәа. Еиуеиԥшым Урыстәыла ашколқәа рҟынтәи ааԥхьарақәа ҳауит", — иҳәеит иара.

Денис Шашура иажәақәа рыла иазыԥхьагәаҭоуп ауснагӡатәқәа Бзыԥтәи аҩбатәи ашкол аҿы, гагратәи ашкол аҿы. Аҵарашықәс ҿыц ианалагалак ашьҭахь ахәыҷтәы секциақәа аартхоит Гагра, Гәдоуҭа, Пицунда, Аҟәа.

"Арра-тактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥаагалоит. Ареспубликаҿы инхо ахацәа реиҳараҩык абџьар ахархәашьа рдыруеит ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха уи иашам. Ҳаар аҿар идҳарҵоит иныҭкааны абџьар ахархәашьа, ашәарҭадара атехника ақәныҟәашьа, аекстрималтә ҭагылазаашьаҟны командала аусеицушьа. Ари аамҭа маҷымкәа иагоит аха алҵшәақәагьы аанашьҭуеит. Иахьазы ҳусқәа хәмаррак еиԥшзаргьы ԥхьаҟазы ахаҵа изыхәарҭоу усны иҟалоит", — иҳәоит "Нэрс" акомандир.

Аԥснытәи астраикболистцәа нарыԥхьеит жәларбжьаратәи арра-тактикатә еицлабра "Сутки на броне" иалахәхарц. Аицлабрақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 9-10 рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукСтрайкбол
Страйкбол  - Sputnik Аҧсны
Страйкбол

Ажәабжьқәа зегьы
0