Цәыббра 1 инаркны адәыӷба "Гагра-Адлер" аныҟәара аанкылахоит

© Sputnik Томас Тхайцукэлектричка Гагра -Адлер
электричка Гагра -Адлер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аихамҩа адыррақәа рыла адәыӷба "Гагра-Адлер" ала иныҟәо апассаџьырцәа рмаҷра иахҟьаны иара аныҟәара 2017 шықәса рзы ҩынтәны еиҵахеит.

АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи аихамҩа адыррақәа рыла адәыӷба "Гагра-Адлер" ала иныҟәо апассаџьырцәа рмаҷра иахҟьаны иара аныҟәара 2017 шықәса рзы ҩынтәны еиҵахеит. Аелектричка аныҟәара аанкылахоит цәыббра 1 инаркны ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит "Аԥсныеихамҩа" аиҳабы Емир Агрба.

"Ҳара уаанӡа аилацәажәара ҳаман аелектричка цәыббра 30 рҟынӡа аныҟәарақәа мҩаԥнагоит ҳәа, аха сынтәа апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар ҩынтәны еиҵахеит. Убри инадҳәаланы аӡбра ҳадаҳкылеит асезон цәыббра 1 азы ихыркәшахарц", — иҳәеит Агрба.

Иара иажәақәа рыла 2017 шықәса жьҭаарамза инаркны адәыӷба Аҟәа-Москва ада егьырҭ адәыӷбақәа зегьы рныҟәара аамҭала иаанкылахоит.

"Цәыббрамза зегьы ишьақәыргылоу аграфик ала аус ааулоит. Жьҭаара 1 инаркны адәыӷба "Аҟәа-Москва" ада егьырҭ русура аанкылахоит", — иҳәеит иара.

Адәыӷба Аҟәа-Москва аӡынразы мчыбжьык ахь хынтә иныҟәалоит. Ашықәс ҿыц азтәи аныҳәамшқәа раан аграфик ҿыц шьақәыргылахоит.

2015 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсны Аԥыза-министри Урыстәыла атранспорт аминистри аӡбра еицрыдыркылеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара еихамҩала апассаџьырцәа рныҟәгара ахацыркразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0